00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:45
15 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Агазеҭ "Гал" ҭыҵуеижьҭеи 30 шықәса ҵит
18:15
14 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Адлеиба Отаԥтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы: арахь иаауа аҳаԥы бзиа избаҵәҟьо иоуп

Адлеиба Отаԥтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы: арахь иаауа аҳаԥы бзиа избаҵәҟьо иоуп
Анапаҵаҩра
Аныҳәамшқәа рзы Отаԥтәи аҳаԥы шаҟаҩы ааҭааз, насгьы Абраскьыл иҳаԥы аӡбахә аԥсшьаҩцәа иабантәараҳауа, насгьы иадзыԥхьалозеи хара иҟоу аҭыԥ ахь анеира, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳаԥы аиҳабы Асҭамыр Адлеиба.
Мчыбжьык иалагӡаны 200-ҩык рҟынӡа ауаа ҳаман, ахәыҷқәа рацәаҩын ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Адлеиба. Убри аан иара иҳәеит иаауа рахьынтә иҭамло шырацәаҩу, избанзар уаанӡа ирбахьан.
"Урҭ аԥсабарахь ицоит, иныҟәоит абахәқәа,аӡқәа рахь. Арахь иаауа аҳаԥы бзиа избаҵәҟьо иоуп. Избанзар ара дааны аҳаԥы дҭаланы дҭыҵаанӡа ицәыхәлоит. Ихароуп, аха иаауеит, рхыԥхьаӡара усҟак ирацәамзаргьы, ҳара ҳзы уигьы кыр иаԥсоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Адлеиба.
Адлеиба еиҭеиҳәеит Отаԥтәи аҳаԥы азы аинформациа ауаҩы ишиоуа атәы. Иҵаа-ԥшаауа иаауеит, аӡыргара бзиа аҟаҵаразы сымч ақәхаӡом, ацхыраара сҭахуп иҳәеит иара.
Асҭамыр иажәақәа рыла, аҳаԥы азааигәара амшьамбақәа ргыланы аҭыԥқәа аиҿкаара игәы иҭоуп, аԥсабараҿы зыԥсы зшьар зҭаху рзы. Аԥхын иаарц зҭаху ыҟоуп, иасны иҳадҵаалоит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0