Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ААР 2023 шықәса жәамш рыҩнуҵҟа ҩнызқь рҟынӡа зинеилагара ашәҟәы иҭанагалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМашины МВД Абхазии
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2023
Анапаҵаҩра
2023 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны 10-нӡа Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра 1943 уаажәларратә зинеилагара ашәҟәы иҭанагалеит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 13 – Sputnik. Аԥсны ААР 2023 шықәса жәамш рыҩнуҵҟа 2025 зинеилагара азгәанаҭеит, аилагарақәа 82 еилагара рыла еиҳауп 2022 шықәсазтәи арбагақәа раасҭа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба.
Быҭәба иазгәеиҭеит иарбоу аамҭазы ишазгәаҭаз амҩатә машәырқәа фба. Жәаҩык аахақәа рыман, ҩыџьа ҭахеит. Арыжәтә ыжәны аԥсҟы ркны абри аамҭала иаанкылан 193-ҩык. 2022 шықәсазы ари аамҭазы иаанкылан 127-ҩык.
"Аныҳәатә ҭагылазаашьа шыҟазгьы арыцҳарақәагьы ацын. Иҭахаз ыҟамзар ҳусура ҳахыҽхәар алшон", - иҳәеит иара.
Аминистр иажәақәа рыла, аныҳәамшқәа раан ауаажәларратә шәарҭадара аиҿкаара иалахәын Аԥсны ААР аусзуҩцәа реилазаара зегьы.
Аминистр иажәақәа рыла, арыжәтә ыжәны иҟаз шаанкыло азы адырра изҭоз аусуҩцәа иреиҳәеит "ауаҩы ихы идыруа, шәарҭара иҵамкәа дыҟазар аныҳәаамҭаз "ашәҟәы дҭарымгаларц", уи инадҳәаланы, хаҭала автоинспекциа аусзуҩцәа зыҩнынӡа инаргаз ауаа маҷҩымызт.
Ажәабжьқәа зегьы
0