Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Габниаԥҳа Ажьырныҳәа иахьа азгәаҭашьеи атрадициеи ирызкны

Габниаԥҳа Ажьырныҳәа иахьа азгәаҭашьеи атрадициеи ирызкны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы Дифа Габниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Ажьырныҳәа лҭаацәараҿы ишымҩаԥырго, далацәажәеит уи иадҳәалоу аҵаси, ақьабзи, анаукаҟны ари атема ахьынӡаҭҵаау.
Жәытәла Ашықәс ҿыц аныҳәа -Ажьырныҳәа иаԥылоит иара ахьӡ зху амза 13 ауха, уи аҧсуаа итрадициатәу ретникатә религиа иаҵанакуа аныҳәа хадақәа ируакуп. Аԥсуаа жәытәнатә аахыс ари ашықәс еиҩшара ҳәа ирԥхьаӡон.
Ажәакала, аԥсуаа итрадициатәу рдинтә дунеиқәыԥшылараҿы Анцәа Ҳазшаз иаамышьҭахь амч змаз Шьашәы ауаҩы дахьыҟазаалак зылаԥш ихыз, ихылаԥшуаз аӡәы иакәны дрыԥхьаӡон. Жәҩани дгьыли рыбжьара аиашара шьақәзыргылоз, ахара здыз дахьзырхәуаз ари анцәахәы ихьӡ ианықәуан.
Ажьырныҳәа аԥсуаа рытрадициаҿы акырӡа ҳаҭыр змоу, зыгәра харҵо амчра дуӡӡа змоу ҳәа ирԥхьаӡо ныҳәароуп.
Ажьырныҳәа аҭаацәаратә, абиҧаратә ныҳәоуп, иагьидҳәалоуп ажьира анцәахәы. Ари аныҳәа азгәарҭоит ажьира змоугьы измамгьы.
Ажьира змоу аҭаацәарақәа рыцыҧхьаӡа арбаӷьқәа шьны, иара убас ашьтәа агәыи агәаҵәи, аҩыцқьеи, акәакәарқәеи рыманы ажьираҿы ицаны иныҳәоит, рыцԥхьаӡа ацәацқьа иалху ацәашьқәа рзадыркуеит. Ажьира змамагьы аныҳәа иаԥылоит, аха урҭ рритуалқәа акыр еиҳа имариоуп.
Аныҳәа адырҩаҽны аҧсуаа еиҭанеиааиуеит, агәылацәеи, ауацәеи еидныҳәалоит. Ари амш азы аҵак ҷыда рымоуп ауаҩы ииҳәои иҟаиҵои зегьы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь мамзаргьы арадио Sputnik аефир аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0