Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Мушьни Лашәриа ииубилеи идиныҳәалеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа 2023 шықәса ажьырныҳәа 16 рзы 85 шықәса ихыҵит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ииубилеи идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Ахада иазгәеиҭеит Лашәриа ирҿиамҭақәа абиԥарақәа акымкәа бзиа ишеицырбо, иара иажәеинраалақәа ирылхны ашәақәа аԥҵаны амузыкатә коллективқәа ишынарыгӡо.
Адныҳәалараҿы иара убас иазгәаҭоуп Лашәриа аԥсуа сахьаркыратә ажәа арҿиараҿы илагала шдуу, аҵак ду шрымоу адунеитә литература аклассикатә рҿиамҭақәа аԥсшәахь иеиҭагамҭақәа, ҷыдала, Пушкини Лермонтови рҩымҭақәа.

"Агәра ганы сыҟоуп иахьатәи шәықәра ԥшӡа инаркны шәаԥхьаҟагьы акыр шықәса шәыжәлар арҿиамҭа хьыршәыгәқәа рыла ишшәыргәырӷьало, ауаа ақьиареи аԥшӡареи ргәыбылра шыдшәыркло, аԥсуа культура шшәырбеиало", - ҳәа ануп ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.

Аслан Бжьаниа Мушьни Лашәриа изеиӷьеишьеит ақәранҵыра ду, агәабзиара, арҿиараҿы аихьӡара дуқәа.
Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2023
"Жәларык роуп сзыхшаз!": Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵит
Ажәабжьқәа зегьы
0