Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи аруаа Красныи Лиман ирыцҟьеит УАМ арратә техника аҵәахырҭа

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота расчетов артиллерийских установок "Акация" на Запорожском направлении
Работа расчетов артиллерийских установок Акация на Запорожском направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2023
Анапаҵаҩра
Иара убас Запорожтәи аобласт аиланхарҭа Малокатериновка аҿы иԥжәан арратә техника зыҩнагылаз ахыбра.
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа ДЖәР Красныи Лиман ирыцҟьеит УАМ арратә техника аҵәахырҭа ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Урыстәыла аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә архәҭақәеи, артиллериеи Запорожтәи аобласт аҿы иқәырхит Украина амилаҭтә гвардиазы иҷыдоу ахықәкы змоу 9-тәи архәҭа иатәу арратә техника зыҩнагылаз ахыбра, иара убас УАМ артиллериатә ҟәшақәа 79, 101 раион рҿы аруааи аибашьыгатә техникеи.
Аконтрбатареиатә жәылара иабзоураны уахыки-ҽнаки рылаиқәхын аибашьыгатә машьына "Град", агаубица 2А36 "Гиацинт-Б", агаубица Д-30, агаубица 2А65 "Мста-Б", зхала иныҟәо агаубица 2С3 "Акациа", зхала иныҟәо агаубица 2С1, аконтрбатареиатә жәыларазы ихәарҭоу арадиолокациатә станциақәа AN/ТPQ-37, AN/ТPQ-50.
Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла икарыжьит аԥырҩы дызҭам украинатәи аҳаирпланқәа хԥа, HIMARS-и Урагани иртәу ареактивтә снариадқәа быжьба.
Аусбарҭа иара убас иаанацҳауеит Купиантәи ахырхарҭаҟны арратә авиациеи артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла ишықәырхыз 92-тәи амеханизациа зызуу абригадеи аҵакыратә хьчара 103-тәи абригадеи, иҭархоуп украинатәи аруаа 30-ҩык, акәылӡымашьынақәа ҩба, автомашьынақәа хԥа.
Красно-Лимансктәи ахырхарҭала ааха рыҭоуп украинатәи 95-тәи адесанттә-жәыларатә бригадеи аҵакыратә хьчара 125-тәи абригадеи рыруаа, иҭархоуп 75-ҩык инареиҳаны украинатәи аруааи, х-танкк, хә-кәалӡымашьынак, пикапк.
Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп украинатәи аруаа 50-ҩык инареиҳаны, акәылӡытранспортиор, автомашьынақәа ааба, Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы ааха рыҭоуп УАМ 65-тәи амотошьаҟатә бригадеи аҵакыратә хьчара 108-тәи абригадеи. Иҭархоуп украинатәи аруаа 30-ҩык рҟынӡа, аибашьыгатә кәалӡымашьынаи ҩ-пикапки.
Ажәабжьқәа зегьы
0