Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Џьынџьали Габуниеи Аԥсны амҩатә машәырқәа ирызкны

Хра злоу ахҭысқәа: Џьынџьали Габуниеи Аԥсны амҩатә машәырқәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аветеранцәа рхеилак аиҳабы, амилициа аполковник Владимир Џьынџьали жәашықәса инареиҳаны амашьына аԥсҟы зку, азиндырҩы Гьаргь Габуниеи арадио Sputnik аефир аҿы Аԥсны амҩатә машәырқәа рызҵаара иалацәажәеит, урҭ аанкылашьас ирымоу азы ргәаанагара рҳәеит.
Амашәыр иақәшәо еиҳарак аԥсуаа роуп, избанзар азакәан иацәшәаӡом, ҳәа азгәеиҭеит Габуниа. Арыжәтә ижәны амашьына ақәтәареи аццакреи -абарҭ роуп апроблема зхылҿиаауа, ҳәа азгәеиҭеит азиндырҩы.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аветеран далацәажәеит аҭаацәагьы ирыду аҭакԥхықәра ари азҵаараҿы, аҳәынҭавтоинспекциа иага аус арӷәӷәаргьы, ауаҩы ихдырра аныҟамла азҵаара аӡбара шыуадаҩхо иҳәеит.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0