Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Қырҭтәыла аҳәаа изакәанымкәа иахысыз атәылауаҩ иганахьала ашьаус хацыркуп

© Sputnik / Марианна Кубрава Граница по реке Ингур
Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.01.2023
Анапаҵаҩра
Ахара здырҵо ауаҩы уаанӡа гәҭакрала ашьра ҟаиҵеит, иара убас ҩыџьа урыстәылауаҩҳәсақәа ишакәым дрызныҟәеит ҳәа иус рыӡбахьан.
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Аҟәа апрокуратура ашьаус хацнаркит Руслан Гамсаниа иганахьала. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Иара харас идырҵоит Қырҭтәыла аҳәаа изакәанымкәа дахысит ҳәа, иара убас Аԥсны аҵакыратә акзаареи алакьымсреи ҵызшәаауа ашьаҿақәа рыҟаҵара дымшәа-дмырҳа дахьалацәажәо азы.
2022 шықәса рашәарамзазы Гамсаниа аушьҭырҭатә ҭыԥ аҿы акәымкәа, адокументқәа ҳәа акагьы имамкәа Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа дахысны Қырҭтәылаҟа дцеит.
Даур Буаа асоциалтә ҳаҿы имоу адаҟьаҿы 2022 шықәса нанҳәамзазы иҭагалан авидео Гамсаниа Аԥсны Қырҭтәыла иалаларазы ааԥхьара ахьыҟаиҵоз. Гамсаниа уаанӡа гәҭакрала ашьра ҟаиҵеит, иара убас ҩыџьа урыстәылаҳәсақәа ишакәым дрызныҟәеит ҳәа иус рыӡбахьан.
Возложение цветов в Парке Славы. Мероприятия по случаю 30-летия Погрануправления.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2022
Аԥсны
Аԥсны АшәМ аҳәынҭқарра аԥсахҩы ҳәа ахара здырҵо Тҟәарчал инхо изы адырра ҿыцқәа акьыԥхьит
Иахьатәи аамҭазы Аҟәа апрокуратура имҩаԥнагоит ашьаусԥшааратә гәаҭара Гамсаниа дызлахәу асоциалтә ҳақәа рҿы егьырҭ акьыԥхьымҭақәа рганахьала.
Гамсаниа уаанӡа Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа иус аӡбахьан гәҭакрала ашьра ҟаиҵеит ҳәа, иара убас Гәылрыԥшь араионтә усӡбарҭа ҩыџьа урыстәылауаҩҳәсақәа ишакәым дрызныҟәеит ҳәа иус аӡбахьан.
Ажәабжьқәа зегьы
0