Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Быҭәба 2022 шықәсазы аминистрра апрограммақәа рынагӡашьаз аҳасабырба ҟаиҵеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Эдуард Бутба
Эдуард Бутба - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2023
Анапаҵаҩра
Аусбарҭатә программақәа ирыҵаркит агемодиализ, амедицинатә кадрқәа разырхиара, аимҳәадуҿагыларатә цхыраара, амедхархәагақәа раахәара, ахәшәқәа раахәара.
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. 2022 шықәса аҩнуҵҟа Агәабзиарахьчара аминистрра имҩаԥнагеит хә-программак ҳәа апресс-конференциаҟны еиҭеиҳәеит аусбарҭа аиҳабы Едуард Быҭәба.
Агемодиализ апрограммала ацхыраара рыҭан 64 пациент, имҩаԥган 7932 процедура.
Аминистр иажәақәа рыла, агемодиализ зҭаху, аҷаҷачымазара змоу есышықәса рхыԥхьаӡара иазҳауеит. 2022 шықәса анҵәамҭазы 70-ҩык ыҟан.
Иара иҳәеит 2020 шықәсазы абри апрограммала 70 пациент ишрыцхрааз (8261 процедура), 2021 шықәсазы - 65 пациент (8496 процедура).
Едуард Быҭәба иара убасгьы иҳәеит 2022 шықәсазы Аԥсны ишазгәаҭаз 146 "иактиву аимҳәаду" ахҭысқәа. Уи 2021 шықәсазы аасҭа 7 хҭыск рыла еиҵан, 2020 шықәсазы аасҭа 39 хҭыс рыла еиҵан.
2022 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аҟынтә апрограмма "Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра аимҳәадуҿагылараҿы ацхыраара рыҭара аиӷьтәра" иазоужьын 7 миллион мааҭ. Иаахәан ахәшәқәа, алабораториатә реагентқәа, аныхратә материалқәа.
Уничтожение старых банкнот в Банке России. Архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2023
Аԥсны
Аԥсны быжь-миллионмааҭ аужьхоит аимҳәаду змоу рыхәышәтәраз
Агәабзиарахьчара аминистр иажәақәа рыла, амедхархәагақәеи аныхратә материалқәеи ирзоужьу аԥара азхома ареспублика ахәышәтәырҭақәа русура аиҿкааразы. Убри инадҳәаланы Аԥсны атәылауаа ареспублика анҭыҵҟа аҽыхәышәтәраз ицар акәхоит.
2022 шықәсазы ареспубликатә биуџьет ахарџьқәа рыла атәыла анҭыҵҟа зықьҩык инарзынаԥшуа ауаа шьҭуп агәы, агәы-дасса, абаҩ-жьышә, ашьа, акьыба, абла чымазарақәа рыманы.
Ииасыз ашықәс азы аминистрра апрограммала изынагӡамхеит Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа ргәабзиара аиҭашьақәыргылара. Аминистр иажәақәа рыла, ари апротезқәа рыҟаҵаразы ахәҭақәа Германиантә раагара иадҳәалоу алогистикатә проблемақәа ирыдҳәалоуп. Апрограмматә ԥарақәа ҳтәылауаа Аԥсны анҭыҵ рыхәышәтәрахь ииагахеит.
Больница в городе Ткуарчал после ремонта  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2023
Аԥсны
Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит Аԥсни, уи анҭыҵи атәылауаа рыхәшәтәразы апрограмма
2022 шықәсазы амедусҳәарҭақәа ахәшәқәеи амедицинатә лыхымҭақәеи рзаахәара иақәхарџьын 108,3 миллион мааҭ, 2021 шықәсазы – 79,9 миллион мааҭ.
Урҭ рҟынтәи:
ахәшәқәа, амедицинатә лыхқәа, алабораториатә реагентқәа, алабораториатә ныхратә материалқәа раахәара иазоужьын 68,4 миллион мааҭ;
ахимиотерапиа ахԥатәи ацәаҳәазы – 18,5 миллион мааҭ;
ашьақарчымазара змоу рзы аинсулин аахәараз – 10,07 миллион мааҭ;
Ареспубликатә хәышәтәырҭеи Гәылрыԥшьтәи араионтә хәышәтәырҭеи рзы ахархәагақәа – 4,4 миллион мааҭ;
СЕС алабораториақәа рхархәагақәа – 420 000 мааҭ;
Ареспубликатә психиатриатә хәышәтәырҭаз – 300 000 мааҭ;
Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭаз– 5,3 миллион мааҭ;
акьыбачымазаратә Милаҭтә хәышәтәырҭаз ахархәагақәа – 830 000 мааҭ.
Быҭәба иажәақәа рыла, 2020 - 2022 шықәсқәа рзы Урыстәылатәи афинцхыраараҟынтә ахәшәқәеи амедлыхқәеи раахәара иақәхарџьын 71,7 миллион мааҭ.
Апресс-конференциаҟны иалацәажәан даҽа программакгьы - "Аԥсны агәабзиарахьчара асистема кадрла аиқәыршәара". 2020 шықәсазы апрограммала 42 студенти 17 ординатори рҵара ахә ахшәаан; 2021 шықәсазы - 49 студенти 34 ординатори; 2022 шықәсазы – 44 студенти 15 ординатори.
Аминистрра ацхыраара ҟанаҵоит арра инарыԥхьо аҿар амедицинатә еиқәыршәара рыҭаразы апрограмма анагӡараҿы иҳәеит Быҭәба.
Аминистр иажәақәа рыла, апрограмма анагӡара арра инарыԥхьо аҿар амедицинатә гәаҭарақәа рахыжьра амҩаԥгара иацхрааит.
Частичная мобилизация в России - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2023
Аԥсны
Аминистрцәа реилазаара иаднакылеит арра инарыԥхьо рмедицинатә ҭҵааразы апрограмма
Ажәабжьқәа зегьы
0