Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сурманидӡе 2023 шықәсазы аҳтнықалақь аҿы иазгәаҭоу аусурақәа рзы

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сурманидӡе 2023 шықәсазы аҳтнықалақь аҿы иазгәаҭоу аусурақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманидӡе арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит, ари ашықәс азы зеиҭашьақәыргылара азгәаҭоу амҩақәеи аҳҭнықалақь ахаҿра арԥшӡаразы инагӡахо аусқәеи ртәы.
Аиҿцәажәара хацыркуа Автандил Сурманидӡе далацәажәеит иҳаҩсыз ашықәс азы иҟаҵаз амҩақәа ртәы, аџьабаа ҳдырбазаргьы аусурақәа нагӡоуп ҳәа азгәаиҭеит иара.
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ иҳәеит, 2023 шықәса рзы зеиташьақәыргыларазы ауснагӡаҿ иарбоу амҩақәа ртәы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Коӷониеи Басариеи рымҩақәа.
Аиааира амш 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз ақалақь иузымдыруа иҟаҳҵоит ҳәа иҳәеит Автандил Сурманидӡе. Иазгәаҭоуп Аҟәатәи ашьхаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара.
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ иара убасгьы далацәажәеит амашьынақәа рыргыларҭақәа рмаҷра иахылҿиаауа ауадаҩрақәа ртәы, иҳәеит ақалақь аҿы аргаларақәа ҿыцқәа раан уи хшыҩзышьҭра шаҭоу. Арадио асас дазааҭгылеит Аҟәеи Урыстәыла ақалақьқәеи ирыбжьоу аимадара атәы, еицырзеиԥшу апроектқәа ззырхоу атәы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0