Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Высоцкии Аԥсни: асоветтә бард шәаҳәаҩи амшынеиқәатәылеи шеиҩызцәахаз

© Foto / АрхивКатя Высоковская, помощник капитана теплохода «Шота Руставели», Вольдемар Бруйе (мл.сын М.Влади), Марина Влади, Владимир Высоцкий, Любовь и Зиновий Высоковские во время круиза. Фото 1969 года
Катя Высоковская, помощник капитана теплохода «Шота Руставели», Вольдемар Бруйе (мл.сын М.Влади), Марина Влади, Владимир Высоцкий, Любовь и Зиновий Высоковские во время круиза. Фото 1969 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2023
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 25 1938 шықәсазы диит асовет поет, актиор, ашәақәа равтор, ашәаҳәаҩ Владимир Высоцки.
Аԥсны апоет ихьӡ адҳәалоуп иузаҟәымҭхо, лассы- ласс арахь даауан. Аха иахьа аԥшаара уадаҩхар ҟалап Высоцки ҳтәыла иаҭаарақәа зегь ирыдҳәалоу аинформациа аизгара.
Sputnik
Аԥсны аҳҭнықалақь ахь еиҳарак даалон Ҟрым-Аҟәа ахырхарҭала иныҟәоз амшынеиқәатәи акруизқәа рыла адизельӷбақәа дрықәтәаны.
1968 шықәса инаркны есышықәса Аԥсны аҳҭнықалақь дасасын. Аха зегь реиҳа игәаларшәаган иаанхаз 1971 - 1973 шш. рзы иҟазаара ауп.
Аԥхын 1972 шықәсазы Высоцки Аԥсныҟа дааит Марина Влади длыцны адизельӷба "Шота Руставели" ала. Апоет усҟан еиҳарак аӷбаҿы акәын иаамҭа ахьихигоз, акрыфаразы акаҳуажәырҭақәа рахь днеилон, хәылбыҽхала аконцертқәа аӷбаҿы имҩаԥигон.
Убысҟан ауп Лев Левитас данрабадырыз Владимир Высоцкии Марина Влади.
Владимир Высоцкий - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2020
Высоцки ирҿиамҭа "Палач" анапылаҩыра 700 нызқь мааҭ ҳәа иҭиуп
Адизельӷба "Шота Руставели" аҟны апассаџьырцәа рыцхырааҩыс акаԥдан Назаренко иҟны аус иуан сҩыза Володиа Добродеев. Ҽнак аҭел дысзасны исеиҳәеит "Ҳдизельӷба аҟны ҭыԥҳак даҳҭоуп, иулшарыма ақалақь лырбара ҳәа?" - Изсыламшари? Ҳара асасацәа бзиа иаабоит", - ҳәа азгәеиҭеит Лев Левитас иинтервиуқәа руак аҟны.
Ишеилкаахаз ала, Марина Влади ачашә цәгьала бзиа илбозаарын, Лев акаҳуажәарҭахь дигар акәын. Раԥхьа Левитас издыруамызт исас афранцыз шәаҳәҩы, актриса шлакәыз.
"Сара сзаауыԥхьеи? Уаҳа аӡәгьы дыҟаӡами акаҳуажәырҭахь дызго?" - ҳәа иҩыза диҿагылеит Левитас. - Иара дыччо аҭак ҟаиҵеит: " Агаӡа, ари Марина Влади лоуп! Дыузымдарӡеи? - Сара уи ансаҳа, скаҳахьан!"
Акаҳуажәырҭаҿы Марина иаразнак зегьы дырдырит. Ахәынаҳаҩцәа иркыз рнаҳагақәа рыцәкаҳахьан. Ԥыҭрак анаҩс уахь днеит Высоцки ихаҭагьы. Арҭ збаз ауааԥсыра рыдеизалеит. Агитарагь аазгаз дҟалеит. Левитас иажәақәа рыла, Высоцки ашәаҳәара даламгеит, "аха еиҭеиҳәаз рацәоуп".

Синоп имҩаԥган аконцерт

1972 шықәсазы Высоцки иара убас ӷбала дааит Аҟәаҟа. Усҟан Марина Владии Павел Гурџьи ақьафурҭа "Нарҭаа" аҿы акрырфон.
Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2019
Арадио
Лашәриа Владимир Высоцки изы: инырра Москва шьаҿацыԥҳьаӡа иуԥылон
Убысҟан Высоцки Аҟәатәи афизико-техникатә институт аҟны иазгәаҭамыз аконцерт мҩаԥигеит. Ари ажәабжь иаразнак иахьабалак иахыҵәеит.
Аҭҵаарадырратә инстиҭут ԥыхьатәи аусзуҩ Маргарита Селиванова илгәаларшәо илҳәеит аконцерт маҷк ихьшәаны ишалагаз, зегьы Высоцки ишизԥшыз.
"Асценахь днеит рацәак зоура ыҟамыз ауаҩы ԥшӡа. Асахҭан иалхыз кьаҿк ишәын. Иааишәыхны аҟәардә инхишьит. Еизаз аԥсшәа ааҳаҳәаны, иаразнакы иазгәеиҭеит ара иҟазаара агәахәара ду шинаҭо. Аконцерт цонаҵы изныкымкәа игитара арахәыцқәа ԥҵәеит, убасеиԥш ихы-иԥсы аҭаны дыхәмаруан", - ҳәа лҳәеит Селиванова.
Ари аконцерт аҟны дыҟан еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ Расим Камлиа. Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит шаҟа гәахәарыла идикылаз.
"Ашәаҳәҩ лабҿабеи арадио алеи изыӡырҩра - акыр еиҩыргоит, сара даара гәахәара дулла сахәаԥшит иқәгылара", - иҳәеит иара.

Гагратәи аибадырра

1973 шықәсазы совет екранқәа рыҟны ицәырҵит Высоцки ароль хада ахьынаигӡоз адраматә фильм "Плохой хороший человек". Афильм ахәҭақәак Аԥсны иҭырхраны иҟаз аҭыхраз аҭыхратә гәыԥ Гагра иахьааиз ауадаҩрақәа ирықәшәеит. Дара иаанҿасраны иахьыҟаз асасааирҭа "Гагрыԥшь" аҟны аҭыԥқәа ҟамлеит. Аномерқәа ааныркылеит ақырҭуа фильм "Амза амҵарсра" ҭызхуаз агәыԥ алахәылацәа. Убысҟан Гагра инхоз Григори Чепиа актиорцәа иҩныҟа инеиԥхьеит. Абра зхы акыз аибадырра акыршықәсатәи аиҩызара арҳаит.
Владимир Высоцкий в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2021
Аԥсны ҷыдала иазыҟаз: Владимир Высоцки диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкны
Чепиаа рҭаацәара Высоцки изы игәакьацәахеит. Ашәҟәыҩҩ Валери Перевозчиков ишәҟәы "Ну здравствуй, это я" аҟны иааигоит Высоцки Гаграҟа, 1974 шықәса рзы иааишьҭыз асалам шәҟәы:
"Бзиа избо диадиа Грышьеи тиотиа Лиубеи. Изыҩуа шәара ахәбатәи шәыҷкәын иоуп. Сара схы сымҩахо аусура саҿуп. Ташкенти Алма-Атеи сыҟан. Маринагьы Франциантәи салам шәылҭоит. Сшәыҳәоит Сева Абдулов иан Елизавета Моисеевна дшәыдышәкыларц. Лыԥсы лшьарц лҭахуп аамҭақәак. Сара лара анык леиԥш дысшьоит. Сгәы иаанагоит шәаргьы бзиа дыжәбап ҳәа. Зегь салам сызрышәҭ. Бзиа шәызбоит. Шәыҳалалра схашҭуам. Ҳаиԥылараҟынӡа, Владимир Высоцки".
Чепиаа рҭаацәараҟны иахӡыӡаауа иҵәахны ирымоуп Марина Влади ҳамҭан инлыжьыз ашьали Высоцки дызлахәмаруаз агитареи.
Высоцки Аԥсни аԥсуа ҭаацәареи иареи ирыбжьаз аиҩызара иахылҿиааит еицырдыруа иажәеинраала "Знакомым в Гагре". Иара 1972 шықәсазы иҩит ҳәа иԥхьаӡоуп.
Такое творится!
Вы перегружены тоской, видать.
Тут до жемчужины рукой подать –
До озера Рица.
Высоцки иҩыза гәаҟьа Виктор Суходрев ишьақәирӷәӷәоит иашәа "Штормит весь вечер, и пока…" 1973 шықәса рзы Пицунда иҩит ҳәа.
А ветер снова в гребни бьет
И гривы пенные ерошит.
Волна барьера не возьмет, –
Ей кто-то ноги подсечет –
И рухнет взмыленная лошадь.
Ажәабжьқәа зегьы
0