Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бзыԥҭатәи абжьаратә школ аҿы аспорттә зал ҿыц ргылахоит

© SputnikСтроительство первой школы в Гагре
Строительство первой школы в Гагре - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.01.2023
Анапаҵаҩра
Бзыԥҭатәи абжьаратә школ аҿы аспорттә зал ҿыц аргыларазы Гагра араион ахадара иазоурыжьуеит 23 миллион мааҭ.
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Бзыԥҭатәи абжьаратә школ аҿы аспорттә зал ҿыц ргылахоит 2023 шықәсазы, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цәышба.

"Азал ажәытә хыбра ықәгоуп. Ахархәарази аиҭашьақәыргыларази ихәарҭамызт. Уажәы уантәи агәамсам ықәыргоит, сгәы иаанагоит, мызкы аҩнуҵҟа аусурақәа ирылагап ҳәа. Аргыларақәа нагӡахоит ашкол анапхгара аҳәарала. Аиашазы, аӡынра ахәыҷқәа аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥыргаша ауада рымаӡам ",- иҳәеит иара.

Цәышба иазгәеиҭеит аспорттә зал ахыбра ҿыц аргылареи, иахәҭоу амаругақәа рыла реиқәыршәареи рзы араион абиуџьет аҟынтәи 23 миллион мааҭ нашьҭхоит ҳәа. Аргыларақәа рышьҭахь Бзыԥҭатәи абжьаратә школ аҟны анапылампыли амҵәышәмпыли рсекциақәа раартра азгәаҭоуп.
Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, Гьечрыԥшьтәи ашкол аҿгьы аспорттә зал аремонт мҩаԥысуеит. Аусурақәа актәи ретап хыркәшоуп, аҩбатәи ахь ииасит. Аусурақәа рхарџьынҵа х-миллион мааҭ ыҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0