Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа дольмени акромлехи ҟаҵаны аетнопарк "Аԥсны" аҿы идыргылеит

© Foto / Этнопарк "Апсны"Копии абхазских дольмена и кромлеха установили в этнопарке "Апсны"
Копии абхазских дольмена и кромлеха установили в этнопарке Апсны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.01.2023
Анапаҵаҩра
Адольмен, акромлех, аԥсаҭатә хаҳә аетнопарк "Аԥсны" азы иҟарҵеит урыстәылатәи аҟазацәа асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьопуа иҭыхымҭақәа ирықәыршәаны.
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Ажәытәан аԥсуаа аԥсы дахьыржуаз ахыбрақәа - адольмени акромлехи реиԥш зеиԥшу шьақәдыргылеит аетнопарк "Аԥсны" аҿы. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит аетнопарк амузеи аиҳабы Илона Кәыҵниаԥҳа.
"Ҳменталитет злаҟоу ала, аҭоурыхтә аспект ҳасаб азуны, адольмен ахаҭаҵәҟьа арахь иааганы иҳаргылоит ҳәа ҳаламгеит, иҿаҳҵеит краснодартәи аҟазацәа рҿы, аԥсуа сахьаҭыхыҩ, аскульптор Баҭал Џьопуа исахьанҵақәа рыла дара иаҳзыҟарҵеит аԥсуаа аԥсы дахьҭарҵоз ахаҳәтә дамра", - лҳәеит лара.
Убри аан Кәыҵниаԥҳа инаҵылшьит уажәы иҟарҵаз адамра Аԥсны аҵакыраҿы ирԥшаақәаз ажәытәтәиқәеи иареи шузеиҩымдраауа. Аурыс ҟазацәа уи Аҩада Ешыра ақытантәи аҳаш иалырхит.
Адольмен аҿыгҳареи аҭбаареи хԥа-хԥа метра иҟоуп, аура - метраки бжаки. Кәыҵниа иазгәалҭеит аҟазацәа ахаҳә рнапала ишдыражәыз, ус еиҳагьы ажәытә ԥшра шаиуз.
"Адольмен цәгьа ианаалеит ҳпарк азеиԥш ԥшра. Ишыжәдыруа еиԥш, "Аԥсны" Оҭҳара аҳәааҿы иҟоуп, ароуп кромлехла икәыршоу адольмен ахьеиқәхаз, уаҳа џьаргьы ари аҩыза уԥылаӡом Аԥсны. Ҳара излаҳалшоз ала ари аҭоурыхтә баҟа аиԥш зеиԥшу аҟаҵара ҳҽазаҳшәеит", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәыҵниаԥҳа аетно-парк 2022 шықәсазтәи аусура иазкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2023
Арадио
Кәыҵниаԥҳа: аидеологиа аганахьала ҳцыркьуеит
Лажәақәа ирыцҵо, Кәыҵниаԥҳа иазгәалҭеит аетнопарк "Аԥсны" аҿы ишцәырҵыз аԥсаҭатә хаҳә, ажәытәан аԥсуаа урҭ рҩызцәа ашьха каҵәарақәа ршьапаҟны ишьҭарҵон. Урҭ ирывсны имҩасуаз ашәарыцацәа, аибашьцәа зегьы рҟәых ахҿа, ахы, аԥараҿырпы, ма аихалых аџьар аанрыжьыр акәын. Уаҩԥсы далакьысыр ҟаломызт. Уахь анеирагьы цәгьан, егьа ибзианы издыруазаргьы авнагон. Ихынҳәны ианаауаз, ҩаԥхьа рҟәыхк шьҭарҵон, Ҳаиҳа зымчу лыԥхала, еибга-еизҩыда иахьыхынҳәыз азы. Убас, аҵарауаа жәохә-нызқь рҟынӡа абарҭ рҩызцәа ахҿақәа рԥшааит ашьхахыҵырҭа Наԥра иахьаҵанакуа.
Адольмени, акромлехи, аԥсаҭатә хаҳәи аетнографиатә парк "Аԥсны" аекскурсиатә программа иахәҭакхоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0