00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
18:26
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
21:26
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
12 мин
Атәылауаҩи аиҳабыреи
Адемографиа арҿиаразы алкаақәа: аминистрра ахаҭарнак лыҿцәажәара
13:19
4 мин
Аицәажәара
Асахьатә галереиа ҳамҭас иаҭоуп Гиви Смыр иҭыхымҭа: агалереиа аиҳабы иҿцәажәара
13:24
4 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
12 мин
Аицәажәара
Аԥсихологцәа, адефектологцәа, ахәыҷбаҳчақәа русзуҩцәа рзы аҵаратә курсқәа еиҿкаауп
13:45
4 мин
Аицәажәара
"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" актәи амодуль мҩаԥысуеит Пицунда: апроект алахәыла лыҿцәажәара
13:49
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
"Музыка — диалог без расстояний и границ:о конкурсе и его участниках
14:44
26 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

"Ицәашьы уҩны арлашоит": аԥсуаа агәыла ишизыҟоу

© Sputnik / Томас ТхайцукФамильное моление в селе Джирхва
Фамильное моление в селе Джирхва  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.01.2023
Анапаҵаҩра
Агәыла, аигәылацәа реизыҟазаашьа иазкны гәаанагарақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ауаҩы рыцҳарак дақәшәар, раԥхьа ацхырааразы иааиуа агәылацәа ракәын, иахьагьы убас ауп. Аигәылацәа аԥсуаа рҟны еснагь аицхыраара рыбжьан: еицхырааны ицәаӷәон, ирашәон, иҭагалон, амҿы ааргон. Иҟан еилахәны амхы аныларҵозгьы.
Аԥсуаа абиԥарала еимдо иааргоит агәыла дзакәу аазырԥшуа ажәаԥҟақәа маҷымкәа, иаҳҳәап:
Аиашьа бааԥсы иаҵкыс агәыла бзиа;
Агәыла агәы даҩызоуп;
Агәылеи агәи;
Агәыла изы ацәҟьа зыргылаз иара дакит;
Агәыла ицәашьы уҩны арлашоит;
Агәыла бзиа ихәыцхагьы хаауп;
Агәыла имаӡа агәыла идыруеит;
Агәыла пату иқәҵа, аха аанда ишәыбжьоу аанхааит;
Ауа хара иаҵкыс – агәыла ааигәа бзиа.
Аԥсуа қыҭақәа рҿы аигәылацәа, шамахамзар, еизааигәаӡаны, анхарҭа-аҽҟьарҭа рибамҭо инхаӡомызт, уи ус зыҟарҵоз амаҷ азы агәыхьшәашәара рыбжьамларц, рыбз меишьцыларц азы акәын.
Аԥшәма дызцәыԥхашьо сасцәа дахьқәак иҭаазар, агәылацәа ирзицҳауан. Агәылацәа ашьтәа ашьраҿы ицхраауан, дара ракәын асасцәа ирыдтәалозгьы. Аԥшәма ихала ашьтәа шьны, ихала асасцәа дрыдтәалар, гәыла ааигәа дыҟаӡами ҳәа инеизҵаа-ааизҵаауан, иԥшәмара аҳаҭыр ланарҟәуан.
Лыхнашҭа - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2020
"Угәарҭыԥ азҳааит!": арахәааӡара, асасдкылара, ашәарыцара ирыдҳәалоу аԥсшәаҳәашьа
Агәылара ачара рҽазыҟарҵозар, ааигәа-сигәа инхо ацхыраара рырҭоит, утәыс-ҟаҵатәыс ирымоу аҿы ирывагылоит, амаҵ руеит.
Агәыла ацәгьа дақәшәар, игәылацәагьы ицџьабон. Аԥсы дахьынӡакҿоу ацәмаа ркуамызт, аҽага ркуамызт, агәыла имаҵ мукәа ухатә усқәа уҽырзукыр ԥхашьаран. Аԥсы дахьынӡаҿкоу, нас жәымш рҿынӡа, аԥшәмацәа ахаатә агьама рбаанӡа, агәылацәагьы рыцчгон. Уи ашьҭахьгьы, рыҩны агәырӷьара ыҟазар, ашәа рҳәомызт, икәашомызт, амузыка адырҳәомызт. Ашықәс аҿынӡа ус рхы мҩаԥыргон.
"Агәыла ихьӡи ихьымӡӷи игәылацәа ракәын издыз. Агәылара иахәҭоу ҟазымҵоз иҟан данахьдырхәуаз: иҩнаҭа ацәгьа-абзиа аныҟоу агәылацәа ишахәҭоу ала амаҵ руӡомызт. Уи гәҽанҵаран, егьыс аҳабла ахьымӡӷ ддыргомызт, иахәҭаз ҟарҵон, аха аԥшәма ихы ирдырны, ауаагьы идырҳаны акәын ишыҟарҵоз", - абас иҩуан Никәала Ҳашыг ишәҟәы "Аԥсуара ашьаҭақәа" аҿы.
Аигәылацәа рыжәлара хазы-хазызаргьы, еижәлантәқәоу реиԥш, аиашьара, аиаҳәшьара рзибаур ахәҭоуп. Еизааигәаны инхо, еигәылацәоу аӡӷаби аҷкәыни еибагар хьымӡӷыс иԥхьаӡоуп, уи аԥсуа иаҭәам акакәны иахәаԥшуеит. Ус зхы мҩаԥызгаз ирзырҳәон: "Игәыла дышԥааигеи!", "Лааҵраҿы хаҵа дышԥацеи!" ҳәа.
Ҳаблак аҿы еижәлантәу аишьцәа ахьеиланхо, тәым жәлак дрыланхозар, ҷыдала ҳаҭыр иқәырҵон. Сасцәақәак рҭазар, иара ҭамадас дҟарҵон, ацәгьа-абзиа рҿы ажәа идырҳәон, сасра ицозар, еиҳабыс ма ҩызас дышьҭырхуан. Ажәакала, дахьынхо аҳаблаҿы сыжәлазаҵәны срылахеит ҳәа ихы ҟәнимшьартә аҭагылазаашьа изаԥырҵон.
Алабашьа - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2020
"Ажәлар рыбз хәшәуп": аԥсуаа аусеилыргара шымҩаԥыргоз
Ажәабжьқәа зегьы
0