Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны амҩақәа рҟны иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит араионтә прокурорцәеи ААИ аиҳабацәеи

© Sputnik / Томас ТхайцукАвтомобиль милиции
Автомобиль милиции - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.01.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. Аԥсны апрокурор хада идҵала ҳтәыла ақалақьқәеи араионқәеи рҟны араионтә прокурорцәеи ААИ аиҳабацәеи амҩақәа рҟны иҟоу аҭагылазаашьазы аилацәажәарақәа мҩаԥыргеит.
Аизараҟны иазгәаҭан аиҳарак амҩатә машәырқәа ахьыҟало аҭыԥқәа, уаҟа аԥынгылақәа рышьҭаҵареи, авидеоҭыхгақәа рыкнаҳареи, амҩатә дыргақәеи рыргылара азыӡбан.
Аԥсны ААР араионтә ҟәшақәа реиҳабацәеи аҳәынҭавтоинспекциа анапхгареи рықәгылараҟны иазааҭгылеит лыҵшәа бзиала рус анагӡаразы ирыгәу атәы:
аԥыԥшратә-хьчаратә гәыԥқәа русзуҩцәа разымхара,
аусутә машьынақәа разымхара,
алашара аҟамзаареи амҩа злахҟьоу ахаҭабзиареи.
Иара убас иааган адыррақәа 2022 шықәсазы иҟалаз амҩатә машәырқәа рзы ахыԥхьаӡарақәа.
Гал араион аҟны амҩатә машәырқәа 8 ҟалеит, ԥшьҩык ҭахеит быжьҩык аахақәа роуит. ААИ аусзуҩцәа ашәҟәы иҭаргалеит 2,5 милл м. рыхә 3609 административтә зинеилагара.
Тҟәарчал араион аҟны амҩатә машәырқәа 7 ҟалеит, аӡәгьы дҭамхаӡеит. Хҩык аахақәа роуит ҩ-шьауск хацыркуп.
Мессенджер Telegram может быть заблокирован Роскомнадзором - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2023
Аԥсны
Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа Telegram аҟны ахатәы канал аиуит
Очамчыра араион аҟны амҩатә машәырқәа 37, 16-ҩык ҭахеит, еиуеиԥшым аахақәа роуит 72-ҩык.
Аҟәа араион амҩатә машәырқәа 20, аӡәы дҭахеит 39-ҩык аахақәа роуит.
Гәдоуҭа араион амҩатә машәырқәа 43, 12-ҩык ҭахеит, 54-ҩык амедусҳәарҭақәа рахь инаган. ААИ аусзуҩцәа ашәҟәы иҭаргалеит 7,9 милл м. рыхә 6152 административтә зинеилагара.
Гагра араион 205 амҩатә машәыр ҟалеит, 19-ҩык ҭахеит, 181-ы аахақәа роуит. 2023 шықәса ажьырныҳәамзазы араион аҟны амҩатә машәырқәа 10 аҭыԥ рыман, ҩ-шьауск хацыркуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0