Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аиҳабыра аҵакырақәа рыриаҵәара аԥҟаррақәа рзы анормативтә актқәа ирылацәажәеит

© Foto / Пресс-служба Кабинета министров Абхазии Акты о правилах озеленения территорий обсудили в Кабмине Абхазии
Акты о правилах озеленения территорий обсудили в Кабмине Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2023
Анапаҵаҩра
Изхәаԥшу апроектқәа аҭыԥантәии ацентртәии аусбарҭақәа реиҳабацәа, аҭҵаарадырратә усбарҭақәа ақәшаҳаҭны ахәаԥшраз аԥыза-министр изынашьҭтәуп.
АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Аминистрцәа реилазаараҟны Аԥсны аҵакыра ҭыԥқәа рыриаҵәаразы анормативтә актқәеи аԥҟаррақәеи аус рыдуларазы иаԥҵоу аусутә гәыԥ аихшьаалатә еилацәажәара мҩаԥысит. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Адокументқәа рпроектқәа инарықәыршәаны анхарҭа ҭыԥқәа рыриаҵәара аусхк аҟны азинмч роуеит аҭыԥантәи ахадарақәа.
Атәыла административ-ҵакыратә акқәа зегьы рзы иаку азинтә ҭышәныртәалара аиҿкаара мҩаԥгалахоит Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәо аԥҟарала.
Адокумент иҳәаақәнаҵоит анхарҭа ҭыԥқәа рҵакырақәа рыриаҵәара, аиҭаҳатәқәа рыхьчареи нап рыдкылареи, араионтә хадарақәа рзинмч, иҷыдоу анаплакқәа руалԥшьақәа, ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи рҭакԥхықәрақәа.
Аминистрцәа реилазаараҟны Аԥсны аҵакыра ҭыԥқәа рыриаҵәаразы анормативтә актқәеи аԥҟаррақәеи аус рыдуларазы аусутә гәыԥ аԥҵан 2022 шықәса ԥхынҷкәынмзазы. Иара напхгара аиҭоит Аминистрцәа реилазаара Аппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа.
Страны мира. Республика Кипр - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.01.2023
Аԥсны
Гәдоуҭа ақалақь агәаны Вашингтониа ахкы иаҵанакуа апальмақәа еиҭарҳараны иҟоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0