Зашәақәа ахааназ иҳацу акомпозитор: Уасил Царгәыш диижьҭеи 85 шықәса ҵит

© Foto / Из семейного архива Уасил Царгуш
Уасил Царгуш - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2023
Анапаҵаҩра
Жәабран 1 азы Аԥсны жәлар рартист Уасил Царгәыш диижьҭеи 85 шықәса ҵит.
Ҳаԥсуа доуҳатә культураҿы зыхьӡ даара акраанаго ҳарҿиаҩцәа дуқәа рыӡбахә анаҳгәалаҳаршәо, ихьӡ аҩсшьа амаӡам Аԥсны жәлар рартист, акомпозитор Уасил Михаил-иԥа Царгәыш. Сара акомпозитор иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ҩажәашықәса рыҩнуҵҟа игәыларагьы, иҩызарагьы анцәа исаҭәеишьеит! Аибашьра аԥхьа, 1989 шықәсазы иареи сареи Аҟәа, Наӡаӡе лымҩаду 52-тәи жә-еихагылак змаз аҩнаҿы ауадқәа еицҳауит. Зегь раҵкысгьы насыԥс иҟалаз, ари аҩнаҿы ҳаиқәшәеит аҟазара знапы алакыз хәҩык аԥсацәа: - Уасил Царгәыш, Светлана Қәарсаиаԥҳа, Виачеслав Ҷыҭанаа, Енвер Ажьиба, сара. Усҟан хыԥхьаӡарала уи аҩнаҿы инхоз ақырҭцәа еиҳа иҳаиҳан, аха уи аҩны ҳанынҩнала раԥхьатәи амшқәа инадыркны, ҳара аԥсуаа уа инхоз ақырҭқәа пату ҳақәырҵон, иагьҳацәшәон, ахаан ҳгәы иамыхәо акы рымҳәацызт, иагьыҟарымҵазт. Насгьы, абра иазгәаҭатәуп акы, ҳара ҳҩызцәа рацәаҩны ҳуадақәа рахь имҩахыҵуан, урҭ зегьы шамахак аинтеллигенциа иреиуаз ракәын. Уаҩы ихамышҭуа даҽакгьы, Уасил Царгәыш иуадақәа адакументқәеи ацаԥхеи аниоу, хадас дызмаз Аԥсны Аҳәынҭқарратә ашәаҳәаратә ансамбль "рысцена" ҳаҩнахьы ииаргеит, шәаҳәарахеит, куашарахеит, гәырӷьарахеит. Ари збоз ақырҭцәа иҟарҵо иақәымшәо иқәхеит, аха рыбжьы ныҵакны акәзаргьы ажәанаак рзымҳәеит, избанзар, раԥсуа маҭәа, рҟама, ркәымжәы, уахь имҩахыҵуаз аҷкәынцәа ишакәым узларацәажәоз ухы уҭахызар!
© Foto / Из семейного архива Уасил Царгуш
Уасил Царгуш - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.01.2023
Уасил Царгуш
Сара уаанӡагьы Уасил Михаил-иԥа ҟаза дук иаҳасабала ихьӡ бзиан издыруан, аха абас ҩныкаҿы ҳанеигәылацәаха, зынӡа ҳаизааигәахеит, мчыбжьыкахь знык-ҩынтә ма иара иҿы сасцәақәак анааиуаз снеиԥхьон, ма сара сахь даасыԥхьон!
Ахаан исхашҭуам иареи сареи ҳаиԥыларақәа рҟынтәи иан илызкны исзеиҭеиҳәаз ажәабжьк.
"Санхәыҷыз Гәдоуҭа ашкол сҭан,- иҳәеит, - уа зҿы сыҟаз ҳауацәа амла садыркуамызт, акрысҿарҵон, аха сан зегьы акакәын мчыбжьыкахь ҩынтә схәы Аҷандарантәи даҵалан ианналымгоз ыҟаӡамызт. Ҽнак, схәы лыжәҩа иқәыргыланы, аԥхын ашоураха, асаба зынчылан иҟаз амҩа даныланы дышнеиуаз, машьына дук лыхьӡан, иаангылан, -ди, ҳара Гәдауҭаҟа ҳцоит, қьырада блаҳгоит, баала ,- рҳәазаап. Аха -лара иаҿаршәны мап лкит,- мап, нанраа, сшәыкәыхшоуп, сара сыҷкәын ихәы ахарҵәы дыргьлак азна саҵоуп, амашьына сақәтәар, иҟьашҟьашоит, сара ипашәӡа иназгар сҭахуп, лҳәазаап!.. - Ибзиагәышьоуп! - рҳәеит аҷкәынцәагьы азныказ иааџьаршьан, аха нас, уи лакәк аҳасабала иахьнеилак еиҭарҳәозаарын!.."
Сгәалашәарақәа рҟынтәи даҽакгьы. Иахьауажәраанӡагьы сара иахьсыбзоуроу азы сеигәырӷьоит Царгәыш илирикатә ашәақәа руак, "Ба бхы бҩаха, ба бхы бҩаха!.." аира. Аибашьра ашьҭахь ауп, Сергеи Агындиа ишәҟә ҿыц ҭыҵын, ҳиқәныҳәарц аишәачара бзиа ҳзыҟаиҵеит иҩны. Сара астол сеиҳабын, ҵәыцақәак дсыркуан. Сергеи иныҳәаҿа анысҳәоз, убри ажәеинраала ҿырҳәала издыруан, саԥхьеит. Адырҩаҽны ашьыжь Уасил Михаил-иԥа аҭел дысзасит, иаха узыԥхьаз ажәеинраала сгәаԥхеит, ақьаад ианҵаны исзылбааг, ҳәа!.. Ажәакала, сара сыбзоурала убри ажәеинраала Царгәыш ирепертуар иалашәеит!
Ҳажәлар ирхыргаз аибашьра ашьҭахь, сара ахаангьы исхашҭуам, жәабаҟа шықәса ааҵхьан, Аԥсны Аҳәынҭқарратә делегациа саланы Сириа, (Шьамтәыла) ҳаҟан. Усҟан дара рҿгьы аибашьра иаламгаӡацызт, атәыла зегьы шәҭуан, икакаҷуан, ажәлар аԥсҭазаара бзиаҵәҟьа рыман. Ҳара уа жәамштәи ҳаҟазаара аан аҭыԥ ссирқәа рацәаӡаны иаҳдырбеит, аҵыхәтәан ҳнаргеит Амфитеатр ҳәа изышьҭаз, анкьаӡа аглодиаторцәа ахьеисуаз ҭыԥ ссирӡак аҿы. Иҳацыз агид иаҳлырбеит уи амармалташьтә ҭӡамцқәа иҭаԥыҟҟаны ирныз аҩыра: "Абраҟа иқәгылан икәашеит Уасил Царгәыш еиҳабыс дызмоу Аԥсны Аҳәынҭқарра акәашареи ашәаҳәареи зҽаԥсазтәыз ансамбль!" Ҳара еицыз зегьы уи шаҟа ҳгәы шьҭнахыз, амҵәыжәҩақәа ҳнаҭаз ҳәашьа амаӡам.
Уи ашьҭахь, Аԥсны ҳанааи иҭыҵит ашәҟәыҩҩы, адраматург, аҟазаратә ҭҵаарадыррақәа рдоқтор, акыршықәса Аԥсны Автономтә республика Акультура аминистрс иҟаз, Уасил Царгәыш иҩыза гәакьаз, ансамбль ирыцны адунеи асцена дуқәа аазыртхьаз, ҳажәлар рҿахәы зҳәоз, Алықьса Аргәын урысшәала, гьама ҳракыла иҭижьыз ашәҟәы "Уасил Царгәыш". Абри ашәҟәаҿы еидкылоуп аҟаза ду иаркы-иаркы ирцә ҳәа даныҟаз иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи зегьы гәылырҭәаан, уи акырӡа аанагоит аԥсуа жәлар ҳдоуҳаи ҳкультуреи иазҿлымҳау зегьы рзы.
© Foto / Из семейного архива Уасил Царгуш
Уасил Царгуш - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.01.2023
Уасил Царгуш
Уажәшьҭа ҳаиасып Аԥсны мацара акәымкәа адунеиаҿ акырџьара зыӡбахә бзианы ирдыруа аҟаза ду инысымҩахь:
Уасил Михаил-иԥа Царгәыш композитарын, етнографын, музыкатә рҵаҩын, музыкаҭҵааҩын, Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи зҽаԥсазтәыз ансамбль деиҳабын, ддирижиор хадан. 1971 шықәса рзы Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз ҳәа ахьӡ ихырҵеит, убри инақәрыццакны 1978 шықәса рзы Қырҭтәыла жәлар рартисти Аԥсны жәлар рартисти ҳәа ахьӡ ҳракӡақәа дрыԥсахеит.
Уи даныхәыҷӡаз инаркны ашәаҳәареи акәашареи ргәыбылра икит, избанзар, Аҷандара, дара ахьеилатәаз рҳабла, риашьара зегьы шәаҳәаҩцәан, кәашаҩцәан. Иаб дҟаза дуун, дшәаҳәаҩын, дҽыбӷаҟазан, аҽырхәмаррақәа рҿы иҽы ыҩны ишцоз, амгәырха иҽхшьны, адгьыл дакьымсӡакәа, амгәацәа даҵысны, акәадыр деиҭакәтәон. Уи аҩыза ҟазҵоз усҟантәи аамҭазы Аԥсны ахы-аҵыхәа аӡәык-ҩыџьак ракәын иҟаз.
Уасил ақыҭаҿы ашкол даналга 1958 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа адирижортә факультет, уаанӡагьы, дызҭаз ашкол аҿы ахор деиҳабын. 1963 шықәсазы далгеит ахор-дерижортә факультет, убраҵәҟьа дагьгәарҭеит арԥыс абаҩхатәра змаз аӡәы шиакәыз, убри иабзоураны, убри ашықәс азы дрышьҭуеит Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль ахь дерижиор-хормеистерс.
© Foto / Из семейного архива Уасил Царгуш
Уасил Царгуш - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.01.2023
Уасил Царгуш
1977-1982 шықәсқәа рзы аҵара дахысуан Гнесинаа рыхьӡ зху Москватәи амузыкатә-рҵаҩратә институт "жәлар рашәаҳәарақәа рансамбль адерижиссорс" ҳәа аквальификациа иманы. 1968-2020 ш.ш. рзы дшьақәдрыӷәӷәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәаҳәаратәи акәашаратәи ансамбль асахьаркыратә еиҳабыси дерижиор хадаси. 1972 шықәсазы иара инапы ианырҵеит Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль анапхгара. 1986 шықәсазы Уасил Царгәыш ихы дақәиҭтәын Аҳәынҭқарратә ансамбль асахьаркыратә напхгара аҟынтәи, дагьиаган Апснытәи Аҳәынҭқарратә филормониа адиректорс. 1988 шықәса инаркны аус иуан Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи зҽаԥсазтәыз ансабль асахьаркыратә еиҳабыси адерижиор хадаси. 1995 шықәсазы ихы дақәиҭыртәит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Филормониа еиҳабыс дахьыҟаз аҟынтәи, аха аус иуан Аԥсны ашәаҳәаратәи акәашаратәи зҽапсазтәыз ансамбль дерижиор хадаси, еиҳабыси.
© Foto / Из семейного архива Уасил Царгуш
Уасил Царгуш - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.01.2023
Уасил Царгуш
Абраҟа инаҵшьны иазгәаҳҭар ҳалшоит даҽакы, иара Уасил иажәақәа рыла, иара дызхагылаз ансамбль аҟара, Аԥсны даҽа культуратә хәышҭаарак адунеи ахы-аҵыхәа ирацәаны иакәымшеит.
1976 шықәса рзы, Уасил Царгәыш инапхгарала Аԥсны жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль зегь раԥхьаӡа аҳәаанырцәҟа ицеит- Польша. Уаҟа даара қәҿиарала ианықәгыла ашьҭахь, ирацәаҩӡаны атәым ҳәынҭқаррақәа еицгәарҭеит, ааԥхьарақәагьы рырҭо иалагеит.
Убри нахыс ари ансабыль агострольқәа рахь ааԥхьарақәа рырҭеит- ГДР, ФРГ, Берлин, Чехославакиа, Сириа, Грециа, Африкатәи атәылақәа- ( Ефиопиа, Танзаниа, Мозамбик), Аргентина, Мексика, Франциа, Ҭырқәтәыла.
Аԥсны акәашареи ашәаҳәареи зҽаԥсазтәыз Аҳәынҭқарратә ансамбль шамахак СССР ақалақьқәа зегьы рҿы иқәгылеит. Ленингради, Москвеи, Шәачеи аконцерт дуӡӡақәа нарыгӡеит.
© Foto / Из семейного архива Уасил Царгуш
Уасил Царгуш - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.01.2023
Уасил Царгуш
Царгәыш ҟазауаҩык иаҳасабала данҩагыла инаркны зегь раԥхьаӡа гәҭакыс имаз асценаҿ афольклортә материал професоналла аԥсҭазаара аҭара акәын. Уи уаҟа еиқәирхеит амилаҭтә хаҿсахьа, иаԥиҵеит ԥсра зқәымыз ахаҿсахьақәа, еиқәирхеит ажәытәӡатәи афольклортә стилистика, еидикылеит иреиӷьӡаз аԥсуа кәашаратә ҟазара. Даара уаҩы дреигәырӷьаратә иҟоуп уи еиҵаиааӡаз еиуеиԥшым абиԥарақәа рҟынтәи ашәаҳәаҩцәеи акәашаҩцәеи. Иара напхгаҩыс даныҟаз ауп ансамбль ианаиуз ахьӡ "Зҽаԥсазтәыз аколлектив" ҳәа.
Иара убасгьы, уаҩ дзеигәырӷьаша усуп ари аколлектив СССР акультура Аминистрраҿы рҟазара аҳракыразы иреиҳаӡоу акотегориа иаҵанакуа иахьыҟарҵаз.

Иналкааны иазгәаҭатәуп аԥсуа-қырҭуатә еибашьра аани уи ашьҭахьи Уасил Царгәыш ибзоурала ишаԥҵаз даара иуадаҩу апотриоттә тематика иатәу ахортә рҿиамҭақәа, убраҟа иуҳәар ауеит еиҳагьы иааирыԥшит ҳәа аҟаза ирҿиаратә гәаҳәара, иаԥиҵеит ԥсра зықәӡам акантатқәа: "Хҩык афырхацәа", " Иҭахаз ргәалашәара", "Аԥсны ан".

Уасил Царгәыш аҟазараҿы Аԥсны иреиҳаӡоу Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа далауриатуп, "Ахьӡ-Аԥша" аҩбатәи аҩаӡара ианашьоуп.
Иҭынхеит ҩыџьа аԥацәеи, ҩыџьа аԥҳацәеи, быжьҩык амаҭацәеи. Иахьа иира амш аиубилеи 85 шықәса ихыҵра иара ида иазгәарҭоит ҳажәлар, аха ҳара иҳацзаауеит аҟаза ду иаԥиҵаз ԥсра-ӡра ахаангьы изқәым иашәақәеи икәашарақәеи!
© Foto / Из семейного архива Уасил Царгуш
Уасил Царгуш - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.01.2023
Уасил Царгуш
Ажәабжьқәа зегьы
0