https://sputnik-abkhazia.info/20230204/atylauai-aiabyrei-gagra-ashkola-reiashayrgylarei-akhybachaei-iryzkny-1043891157.html
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гагра ашколқәа реиҭашьақәыргылареи ахәыҷбаҳчақәеи ирызкны
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гагра ашколқәа реиҭашьақәыргылареи ахәыҷбаҳчақәеи ирызкны
Sputnik Аҧсны
Гагра араион аҿы ҩышықәса раԥхьа шьаҭанкыла еиҭашьақәыргыланы аусура иаларган актәи абжьаратә аԥсуа школ. Араион аҿы егьырҭ аҵараиуратә хыбрақәа рҭагылазаашьа... 04.02.2023, Sputnik Аҧсны
2023-02-04T11:45+0300
2023-02-04T11:45+0300
2023-02-04T11:45+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
атәылауаҩи аиҳабыреи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/02/01/1043891271_0:0:2000:1125_1920x0_80_0_0_89e01f1594d7df5e1ea510e17bde9760.jpg
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гагра ашколқәа реиҭашьақәыргылареи ахәыҷбаҳчақәеи ирызкны
Sputnik Аҧсны
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гагра ашколқәа реиҭашьақәыргылареи ахәыҷбаҳчақәеи ирызкны
Гагра араион аҿы ҩышықәса раԥхьа шьаҭанкыла еиҭашьақәыргыланы аусура иаларган актәи абжьаратә аԥсуа школ. Араион аҿы егьырҭ аҵараиуратә хыбрақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу, реиҭашьақәыргыларазы ари ашықәсан иазгәаҭоу аусутәқәа, убасгьы араион аҟны ахәыҷбаҳчақәа разымхара азҵаатәы аӡбараз алшара ҳәа акыр ыҟоума арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа.Гагра араион аҟны аус руеит 18 школ, урҭ рахьынтә 16 нап рыдкылатәуп, ахылаԥшра рҭахуп ажәытә ргыларақәа ракәны иахьыҟоу азы лҳәеит Гәынԥҳа. Убри аан лара иазгәалҭеит 2022 шықәса иалагӡаны имаҷымкәа ауснагӡатәқәа шымҩаԥгаз ахыбрақәа рҭагылазаашьа аиӷьтәразы, еиҭалҳәеит иҟаҵаз атәы."Ақалақь аҿы убасгьы нап аркуп ахәыҷбаҳча ҿыц аргылара, избанзар акыр шықәса инеиԥынкыланы Гагра ақалақьи араиони рҟны азҵаара ықәгылоуп ахәыҷбаҳчақәа разымхаразы", - лҳәеит Гәынԥҳа.Лара лажәақәа рыла, аҵараиуратә хыбрақәа реиҭашьақәыргылара иааидкыланы 28 миллион мааҭ инацны иақәдырхарџьхьеит. Ари ашықәс азы ахәычбаҳча ҿыц аргылара хдыркәшарц ауп, иахьа уи азы 40 миллион мааҭ азырбоуп араион абиуџьет аҟынтә, аха Гәынԥха лажәақәа рыла, ахарџь еиҳахоит.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/02/01/1043891271_62:0:1967:1429_1920x0_80_0_0_2d0bbac3527375df451f2ea0b996557a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, атәылауаҩи аиҳабыреи, аудио
аԥсны, аподкаст, атәылауаҩи аиҳабыреи, аудио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гагра ашколқәа реиҭашьақәыргылареи ахәыҷбаҳчақәеи ирызкны
Гагра араион аҿы ҩышықәса раԥхьа шьаҭанкыла еиҭашьақәыргыланы аусура иаларган актәи абжьаратә аԥсуа школ. Араион аҿы егьырҭ аҵараиуратә хыбрақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу, реиҭашьақәыргыларазы ари ашықәсан иазгәаҭоу аусутәқәа, убасгьы араион аҟны ахәыҷбаҳчақәа разымхара азҵаатәы аӡбараз алшара ҳәа акыр ыҟоума
арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа.
Гагра араион аҟны аус руеит 18 школ, урҭ рахьынтә 16 нап рыдкылатәуп, ахылаԥшра рҭахуп ажәытә ргыларақәа ракәны иахьыҟоу азы лҳәеит Гәынԥҳа. Убри аан лара иазгәалҭеит 2022 шықәса иалагӡаны имаҷымкәа ауснагӡатәқәа шымҩаԥгаз ахыбрақәа рҭагылазаашьа аиӷьтәразы, еиҭалҳәеит иҟаҵаз атәы.
"Ақалақь аҿы убасгьы нап аркуп ахәыҷбаҳча ҿыц аргылара, избанзар акыр шықәса инеиԥынкыланы Гагра ақалақьи араиони рҟны азҵаара ықәгылоуп ахәыҷбаҳчақәа разымхаразы", - лҳәеит Гәынԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, аҵараиуратә хыбрақәа реиҭашьақәыргылара иааидкыланы 28 миллион мааҭ инацны иақәдырхарџьхьеит. Ари ашықәс азы ахәычбаҳча ҿыц аргылара хдыркәшарц ауп, иахьа уи азы 40 миллион мааҭ азырбоуп араион абиуџьет аҟынтә, аха Гәынԥха лажәақәа рыла, ахарџь еиҳахоит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.