Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи асолдаҭцәа 60-ҩык инареиҳаны Украина иахьытҟәаз ирымхны иааргеит

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчения Черноморского флота в Крыму
Учения Черноморского флота в Крыму - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2023
Анапаҵаҩра
Аиҭныԥсахлара алыршахеит Еиду Арабтәи Аемиратқәа рнапхгара рыбжьаҟазара иабзоураны.
АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Киев анапаҵаҟа иҟоу Украина аҵакыраҟынтәи ирхынҳәуп 63-ҩык урыстәылатәи аруаа, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Иуадаҩыз аиҿцәажәаратә процесс иалҵшәаны Киев анапаҵаҟа иҟоу Украина аҵакыраҟынтәи ирхынҳәуп 63-ҩык Урыстәылатәи Афедерациа Арбжџьармчқәа рыруаа", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.
Аусбарҭа ишаҳәо ала, идырхынҳәыз рыбжьара иҟоуп "иҷыдоу анырра змоу" акатегориа иаҵанакуа аруаа, урҭ рырхынҳәра алыршахеит Еиду Арабтәи Аемиратқәа рнапхгара рыбжьаҟазара иабзоураны.
Аруаа зегьы маншәаланы Урыстәыла аҵакырахь ихынҳәит, дара иахәҭоу амедицинатәи апсихологиатәи цхыраара рырҭоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0