Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны 2022 шықәсазы аиуристтә хаҿқәа рҟынтәи ашәахтәшәарақәа 3,5 миллиард мааҭ инаӡеит

© Sputnik / Алексей МальгавкоПродавец на рынке пересчитывает деньги
Продавец на рынке пересчитывает деньги - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2023
Анапаҵаҩра
2022 шықәсазы шәахтә ҳасабла Аԥсны абиуџьет иалагалан 4,5 миллиард мааҭ, планла иарбан 3,5 миллиард, аизгара 122% иартәеит.
АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Аиуристтә хаҿқәа рҟынтәи Аԥсны абиуџьет иалагалан 3,5 миллиард мааҭ, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра.
2023 шықәса ажьырныҳәа 1 азы Аԥсны 5060 аиуристтә хаҿы ыҟоуп, урҭ рахьтә 2022 шықәсазы ашәҟәы рыҽҭаргалеит 529.
Хаҭалатәи анаплакҩцәеи ауаҩытәыҩсатә хаҿқәеи рҟынтәи 795,9 миллион мааҭ ашәахтә алагалоуп. Аԥсны ашәҟәы иҭагалоуп 14 127 ахатәҿахқәа, иҳаҩсыз ашықәс азы 1445-ҩык ашәахтә ҳасабырбазы рҽанырҵеит.
Иара убас Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрреи Аԥсны Аусӡбаратә нагӡаҩцәеи еицхырааны ашәахтә уалқәа рырмаҷразы аусурақәа нарыгӡоит. 2022 шықәсазы Аусӡбаратә нагӡаҩцәа рахь 300 милл мааҭ иартәоз 255 материал нашьҭын, урҭ рҟынтәи 87 милл мааҭ рылган.
2022 шықәсазы Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра 739 гәаҭара мҩаԥыргеит, урҭ рылҵшәақәа рыла 344,4 нызқь мааҭ иартәоз аилагарақәа аарԥшын, урҭ рҟынтәи 49,6 мааҭ-ашәахтәқәа, 294,8 нызқь- ахараԥсақәа.
Монеты номиналом один рубль - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2023
Аԥсны
240 миллион мааҭ инареиҳаны ашәахтә еизган Аԥсны ажьырныҳәамзазы
Ажәабжьқәа зегьы
0