Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳаџьымба еиҭеиҳәеит иарбан уадаҩрақәоу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа иамоу

Ҳаџьымба еиҭеиҳәеит иарбан уадаҩрақәоу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа иамоу
Анапаҵаҩра
Мышқәак раԥхьа Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа даҭааны еиликаауан уи аусуразы иагу-иабзоу. Аҳҭнықалақь аҟны еиҿыркаауа аусмҩаԥгатәқәа реиҳарак ахьымҩаԥысуа ахыбраҟны аамҭа цацыԥхьаӡа ауадаҩрақәа еиҳахоит, атехникатә ҭагылазаашьа азхьаԥшра хымԥадатәуп ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аефир аҟны афилармониа аиҳабы Руслан Ҳаџьымба.
Ҳаџьымба иажәақәа рыла иахьазы афилармониа аусураҟны ауадаҩрақәа ыҟоуп. Ахыбра 2009 шықәсазы еиҭашьақәыргылан, уиижьҭеи атехникатә маҭәахәқәа рымԥсахӡацт, иажәит. Урыстәылантәи артистцәа, ашәаҳәаҩцәа анаауа, уи ала аусура згәамԥхо ыҟоуп ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.
"Ааигәа ашәаҳәаҩ Саруханов дааҳгоит ҳәа ҳгәы иҭан. Иҳамоу атехника ҳәа данҵаа, иазгәеиҭеит уи аҟны ашәа шыимҳәо. Ҳара ҳҟны дықәгылартә зыӡбахә иҳәаз ҳанашьҭаҵаа, иаҳбеит феида шҳанамҭоз, ауал ҳақәлон. Нас мап ацәаҳкит. Ҳара афилармониаҟны ахашәала ҳәа акгьы ҳауӡомызт, атәымуаа рзы аус ҳаулар акәхоит. Уи ала афилармониа узлацхраауеи? Ҳара капеик ҳаур, иаҳшәароуп алашара ахә, аӡы азы, ак бжьысыр иҟаҵатәуп", - иҳәеит Ҳаџьымба.
Иара иазгәеиҭеит, иахьазы афилармониаз иҵарны ишықәгылоу иахәҭоу бжьылеи лашаралеи аиқәыршәара азҵаара, убасгьы ахыбра ишахәҭоу арԥхареи архьшәашәареи рызгьы ауадаҩрақәа рызцәырҵлоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0