Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аацы иҟоу алымқәа рпарк "Праид" аԥсаркәтқәа аанахәеит

© Foto / парке львов "Прайд"Павлины появились в Аацынском парке львов "Прайд"
Павлины появились в Аацынском парке львов Прайд - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2023
Анапаҵаҩра
Аацы иҟоу алымқәа рпарк "Праид" индиатәи аԥсаркәтқәа аанахәеит Аҟәа, ахатәхаҿқәа рҿы.
АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Индиатәи аԥсаркәтқәа Аацы иҟоу Алымқәа рпарк "Праид" аҿы инанагеит, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аобиект аицаԥҵаҩцәа руаӡәк Олег Кононов.
"Дара ирзаԥҵоуп иахәҭоу аҭагылазаашьақәа. Уажәы урҭ аӡынтәи аҭрақәа ирҭакуп. Ирыкәыршаны ихкаауп. Аҭыԥ иашьцылароуп, иҭымԥраарц иаршьцылатәуп. Аԥхаррақәа ҟалар, ашьац аар, адәахьы иоуҳашьҭлоит. Аԥш, азараҟьа, ачакакал, акәтыжь, акәац рфоит", - иҳәеит иара.
© Foto / парке львов "Прайд"Павлины появились в Аацынском парке львов "Прайд"
Павлины появились в Аацынском парке львов Прайд - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2023
Павлины появились в Аацынском парке львов "Прайд"
Аԥсаатәқәа макьана ахьӡқәа рырымҭацт. Кононов иажәақәа рыла, аԥсаатәқәа рыԥшӡара адагьы ихәарҭоуп. Урҭ ашәарҭарақәа рықәҿырҭуеит, ихьчацәоуп.
"Рҵакыраҿы џьара акы шынеиҭаҵ-ааиҭаҵуа рбар, аҳәҳәара иалагоит. Уцәазаргьы, уаадырԥшуеит. Аԥсаркәтқәа зынӡа аа-хкык ыҟоуп. Аԥснытәи аҳауа рзыбзиоуп. Индиагьы аԥхын ишоуроуп, аӡын -10 градус ыҟоуп", - иҳәеит иара.
Парк львов в селе Аацы - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.11.2022
Аԥсны
Ацыгә ду Пупс: амуртәи абжьас Гәдоуҭа араион алымқәа рпарк аҿы инанагеит
Кононов иазгәеиҭеит апарк аҽшарҭбаауа. 2022 шықәса абҵарамзазы Пупс захьӡу амуртәи абнацгәы ааргеит, амахҽ Ромео нанҳәамзазы иааган, шықәсык аԥхьа аилаӡара анапы аҵаҩын Владивостокынтә аҽыӷрақәа ҩба раагаразы. Ҳазыԥшуп амшәаԥс Даша, уажәы иара Аҩада Ешыра ҭаацәак рҿы ирааӡоит.
"Даша аҭыԥ азырхиатәуп, избанзар амшәқәа анышә ржуеит, уи адагьы аԥхынразы аӡҭачы азыҟаҵатәуп", - иҳәеит Кононов.
Кононов иҳәеит апарк аҵакырагь шдырԥшӡо. 2021 шықәса раахыс 23 пальма, урҭ рахьтә аа-пальмак вашингтониа асорт иаҵанакуеит, 212 канн, жә-бугенвилиак, ԥшь-мушмулак, 13 иукка, 112 банан, 27 евкалипт еиҭаҳауп.
Львята родились в парке Прайд в селе Аацы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2021
Аԥсны
Цезари Сареи рԥацәа: Аацытәи апарк "Праид" аҿы алым ԥшқақәа иит
Ажәабжьқәа зегьы
0