Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Пятнашка" аибашьцәа украинатәи аруаа хҩык рытҟәеит

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота подразделений морской пехоты на Херсонском направлении
Работа подразделений морской пехоты на Херсонском направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2023
Анапаҵаҩра
Донецктәи Жәлар Рреспублика аҟны Авдеевка амҵан ицоз ажәылара ӷәӷәа аан аинтернационалтә бригада "Пятнашка" аибашьцәа украинатәи аруаа хҩык рытҟәеит.
АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik. Авдеевка амҵан ицоз ажәылара ӷәӷәа аан украинатәи аруаа жәаҩык инреиҳаны иҭархан, хҩык рытҟәеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аинтернационалтә бригада "Пятнашка" адҵаҟаҵаҩ Ахра Аҩӡба.
"Руаӡәк ӷәаӷәала дхәын, иҳалшоз ала ацхыраара шиаҳҭазгьы даҳзеиқәмырхеит", - иҳәеит иара.
Атҟәацәа амедцхыраара рырҭеит, акрырҿарҵеит, амаҭәа ҿыци аҭаҭыни рырҭеит. Аҩӡба иажәақәа рыла, атҟәацәа ас еиԥш ирызныҟәоит аинтернационалтә бригада алахәылацәа рааӡара иахьырԥшны.
"Ҳара ҳҭаацәа ҳрааӡеит, агыгшәыгқәа ракәым. Ауаа уаҩҵас ҳрызныҟәоит. Ҳара атҟәацәа акрырҿаҳҵеит, ргәабзиара ҳацхрааит, анаҩс идәықәаҳҵеит", - иҳәеит иара.
"ИБ Пятнашка" Тelegram-канал ишаанацҳауа ала, Ахра Аҩӡба атҟәацәа ранацәа ҭелла драцәажәеит, рыҷкәынцәа рыԥсы шҭо реиҳәеит.
"Викториа Иван-иԥҳа шәыҷкәын еимадарада дыҟазаауеит. Шәхазы ижәдыруаз иԥсы шҭо. Ҳара (аурыс ган-аред.) атҟәацәа шәаҳҭаӡом анырҳәо-агәра шәымган, уи мцуп", - ҳәа леиҳәеит анацәа руаӡәк Ахра Аҩӡба.
Ажәабжьқәа зегьы
0