Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи ааха зауз рыцхрааразы агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Леон Адлейба Благотворительный концерт в филармонии, сбор средств для Турции и Сирии
Благотворительный концерт в филармонии, сбор средств для Турции и Сирии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik. Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи ааха зауз рыцхрааразы агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны асабшаҽны, жәабран 11 рзы.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны иқәгылеит аҳәынҭқарратә хортә капелла, Давид Терзиан напхгаҩыс дызмоу Аԥсны акамертә оркестр, иара убас Нинель Бжьаниа, Гулиза Аҩӡба, Нана Черкьезиа, Елена Ҳагба, аскрипкарҳәаҩы Мариа Терзиан-Ҳагба.
Аԥсны акультура аминистрра аусзуҩ Сариа Маршьанԥҳа лажәақәа рыла, агәыҳалалратә концерт еиҿнакааит Акультура аминистрра, артистцәа ари аҩыза ажәалагала иадгылеит.
Зымчхара 7,7 иҟаз адгьылҵысра ҟалеит Ҭырқәтәыла алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы ашәахьа ашарԥазы. Иара уи аҽныҵәҟьа уа 7,6 иҟаз амч змаз даҽа дгьылҵысрак ҟалеит. Адгьылҵысрақәа, уи ашьҭахь аҭыԥ змаз афтершокқәа рнырит атәыла апровинциақәа жәаба, иара убас агәыларатә тәылақәа, Шьамтәыла налаҵаны.
Работы по ликвидации последствий землетрясения в Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2023
Аԥсны
Аԥсуа диаспора иеиуоу ҩыџьа ҭахеит адгьылҵысраан
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, 22 327-ҩык ҭахеит, 80 278-ҩык ахәрақәа роуит.
Адгьылҵысра иахҟьаны Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи руааԥсыра ацхыраара ахьырзеизыргаша аҭыԥ аадыртит Аҟәа, Аԥсны АҶА аофис хадаҿы, (Аконфедератцәа рымҩа, 12). Дамаск иҟоу аԥсуа цҳаражәҳәарҭа цхыраагӡак аҳасаб ала 10 миллионк шьамтәылатәи алир (100 000 мааҭ инареиҳаны) аларгалеит.
Учения МЧС РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2023
Аԥсны
Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи руааԥсыра ацхыраара ахьрырҭаша аҭыԥ аадыртит Аҟәа
Ажәабжьқәа зегьы
0