Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акультура аминистр лиубилеи лыдиныҳәалеит Аԥсны Жәлар рартистка Лиудмила Гәымԥҳа

© Sputnik / Томас Тхайцук Даур Кове поздравил Людмилу Гумба с юбилеем
Даур Кове поздравил Людмилу Гумба с юбилеем  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2023
Анапаҵаҩра
Лиудмила Гәымԥҳа-Аԥсны раԥхьатәи аестрадатә шәаҳәаҩцәа дреиуоуп, авокал-инструменталтә ансамбль "Аԥсны-67" дасолисткоуп.
АҞӘА, жәабран 13 – Sputnik. Акультура аминистр Даур Ақаҩба 70 шықәса лхыҵра лыдиныҳәалеит Аԥсны Жәлар рартистка, агәыԥ "Аԥсны-67" алахәыла Лиудмила Гәымԥҳа.
"Шәара ажәлар рыбзиабара иаԥсахаз уаҩуп. Шәыԥсҭазаара зегьы ашәаҳәара иазышәкит, иахьагьы ажәлар рымаҵ жәуеит. Шәара шәҟазаратә мҩа - иахьа изызҳауа аҿар рзы иҿырԥшыгоуп. Шәхы-шәыԥсы шәамеигӡакәан, шәымч-шәылша иалшәхыз шәзанааҭ иашәҭоит ажәлар ргәалаҟазаара ашьҭыхразы", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Иара убас, Даур Ақаҩба аиубилиар илзеиӷьеишьеит ақәра нҵыреи, арҿиаратә гәазыҳәареи.
"Гәыкала бзиа шәааҳбоит. Агәра згоит Аԥсны дшыҟам Лиудмила Гәымбеи ансамбль "Аԥсны-67" ззымдыруа. Сара сзын насыԥ дууп, шәара шәыдныҳәалара алшара ахьсоуз", - ҳәа азгәеиҭеит Ақаҩба.
Лиудмила Гәымԥҳа илҳәеит иахьа шьыжьнаҵы адныҳәаларақәа шлыдылкыло илзааигәоу лҭынхацәа, лҩызцәа, лколлегацәа рҟынтәи. Лиубилеи азгәаҭара лгәы иҭоуп илзааигәаӡоу ауаа рыгәҭа.
"Иахьа зегь раԥхьа дсыдныҳәалеит сынстудентыз аахыс исҩызоу Игор Малиа. Ацәажәаха аамҭа шсмоуаз дырны, даара игәырԥхагаз ажәақәа сзааишьҭит", - лҳәеит лара.
Лиудмила Гәымԥҳа - Аԥсны Жәлар рартистка, "Ахьӡ-аԥша" аорден II аҩаӡара занашьоу, Д.Гәлиа ипремиа алауриат.
Благотворительный концерт в филармонии, сбор средств для Турции и Сирии - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2023
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥгаз агәыҳалалратә концерт аҟны еизган 150 нызқь мааҭ инареиҳаны
Ажәабжьқәа зегьы
0