Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Ҭырқәтәыла адгьылҵысра, ахада абизнесуаа дырԥылеит, Гагра иҟалаз амашәыр

© Sputnik / Томас Тхайцук В администрации президента Абхазии проходит встреча с представителями бизнеса
В администрации президента Абхазии проходит встреча с представителями бизнеса - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиаз есымчыбжьатәи ахҳәаа, жәабран 6-12 рыҩнуҵҟа аҭыԥ змаз ажәабжьқәа рҟынтәи.
Аԥсны Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рыцхырааразы иҟанаҵо аҽазышәара, атәыла ахада Аслан Бжьаниеи абизнесуааи реицәажәара, иарбан шәарҭароу гәҽанызаарас иҟанаҵо атәыла АШәМ, Афганисҭантәи аделегациа Аԥсны изхаҭааз, амаининг аԥырҟәҟәаара шымҩаԥысуа уҳәа Sputnik аматериал аҿы.

Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи адгьылҵысра

Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи жәабран 6 рзы адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит. Зқьҩыла ауаа ҭахеит. Аԥсуа диаспора иеиуоу ҩыџьа ҭахеит, ааҩык ахәрақәа роуит адгьылҵысраан ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба.
Аслан Бжьаниа Башар Асад дидышшылеит иҟалаз арыцҳара инамаданы. Жәабран 9 рзы Асади Бжьаниеи ҭелла реицәажәараан иара убас илшо ала ацхыраара аҟаҵара дшазыхиоу иҳәеит. Ҷыдала иуҳәозар, дара еицәажәеит адгьылҵысра зҭаацәа алаӡыз ахәыҷы иаҭымцәа аԥснытәи асанаториқәа рҿы ареабилитациа иахысырц.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2023
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Шьамтәыла адгьылҵысра ашьҭахь аҭагылазаашьазы Башар Асад диацәажәеит
Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба иҳәеит Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟалаз арыцҳара ду инамаданы, уахь ацхырааразы аиқәырхаҩцәа рышьҭра ишазхиоу.
Шамба иҳәеит, Ҭырқәтәылатәи амчрақәа ақәшаҳаҭымхаргьы, Аԥсны ҳдиаспора рахь ааԥхьара ҟанаҵар шалшо хыҵакырҭада иаанхази, ахәыҷқәеи аҳәсеи шрыдыркыло азы.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа адгьылҵысраан ааха зауз ацхыраара рнаҭоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба.
Иара иажәақәа рыла, Шьамтәыла еиҿкаауп ауаа ацхыраара рызҭо афонд. Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа афонд иахырыԥхьаӡалеит 10 миллионк шьамтәылатәи алирқәа. Ари 100 000 мааҭ рҟынӡа ыҟоуп.
Землетрясение в Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2023
УАҶА зыԥсы ҭаны аилыбгарақәа ирхәыҵоу ауаа рыԥшааразы иҷыдоу амаругақәа рхы иадырхәоит
Адгьылҵысра иахҟьаны Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи руааԥсыра ацхыраара ахьырзеизыргаша аҭыԥ аадыртит Аҟәа, Аԥсны АҶА аофис хадаҿы. Ирыдыркылоит реиҳа зыда ԥсыхәа ыҟам: амаҭәа ԥхақәа, ахызақәа, афымцарԥхагақәа, ақьалақәа, ма амшьамбақәа, аӡрыжәтә, акраамҭа иԥхасҭамхо афатә, ахрыӷқәа, ахрыцқьага маҭәашьарқәа.
Учения МЧС РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2023
Аԥсны
Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи руааԥсыра ацхыраара ахьрырҭаша аҭыԥ аадыртит Аҟәа
Иара убасгьы жәабран 11рзы Акультура аминистрра имҩаԥнагеит агәыҳалалратә концерт.

Иаарту аиҿцәажәара

Жәабран 10 рзы Аслан Бжьаниа абизнес-еилазаара алархәны имҩаԥигаз аиԥылараҿы ирылацәажәан аинвесторцәа рааԥхьара шалшаша, аинвестҭагылазаашьа иаԥырхагоу, апарт-отельқәа рыстатус аҭышәныртәаларазы азакәан апроект аус шадулатәу.
Аԥсны аинвестициаз еиҳа иалкаау хырхарҭақәоуп – атуризм, асубтропикатә қыҭанхамҩа, аенергетика, IT, абри атәы иҳәеит абизнесуаа ирԥылаз Аслан Бжьаниа.
Иара иазгәеиҭеит, иахьазы Аԥсны аекономикатә уадаҩрақәа Урыстәыла афинанстә цхыраара ада ӡбашьа шамам.
"Иахьа шәара шәхәыцшьа, шәҿыц знеишьақәа ҳҭахуп, Аԥсны адинамикатә ҿиареи ашәҭкакаҷреи рымҩа иазкылгатәуп", - иҳәеит иара абизнесуаа рахь ихы нарханы.

Аҳәынҭшәарҭадареи ашәарҭареи

Аԥсны ААРи Аԥсны АШәМи жәабран 6 рзы апресс-конференциа еицымҩаԥыргеит. Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Роберт Киут иҳәеит ҽазышәала урыстәыла аҿагыларатә ҭагылазаашьа аԥҵара аҳәынҭқарра ҵнашәаауеит ҳәа.
Иара иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳаӷацәа аиҳарак аҿар нап шрыларкыз.
Служба госбезопасности Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2023
Аԥсны
Аԥсны ААРи АШәМи афымцаобиектқәа рҿы адиверсиа ҟалар алшоит ҳәа аинформациа ҭырҵаауеит
"Аинформациатә ҵакыраҿы иаладырҵәо иалагеит ауаажәларратә гәаанагара аиҭакразы атемақәа ", - иҳәеит Киут.
Амаҵзураҿы иҟоу аҭагылазаашьа иашьклаԥшуеит, ибзиоуп ҳәагьы рызҳәом. Киут иазгәеиҭеит арҭ рҩызцәа апроектқәа мҩаԥызго ӷәӷәала ишахьдырхәло.
Жәабран 9 рзы Аԥсны ААР апресс-маҵзура иакьыԥхьит аинформациа Аԥсны ААРи Аԥсны АШәМи русзуҩцәа атәылаҿ адиверсиақәа ҟалар ҟалоит ҳәа аинформациа шҭырҵаауаз.
Аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа ркомплекс мҩаԥыргоит иҟоу аинформациа аҭҵааразы.

Афганисҭантәи асасцәа

Адәныҟатәи аусқәа рмедиацентр аҿы имҩаԥысит аминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла иҟоу Афганисҭан Ацҳаражәҳәарҭа аделегациеи.
Аделегациа Аԥсныҟа иааит арегионалтә шәарҭадара, ЕАА Афганисҭан аҟазаара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра, Аԥсни Мрагылара Ааигәа атәылақәеи реизааигәахара арҭбаара алыршара алацәажәаразы.
"Аԥсны азыхиоуп ҳаҭырқәҵаралатәи аиҿцәажәарақәа, ҳәарада Урыстәыла алархәны. Агәра аагоит шәтәылаҟны аҭагылазаашьа шҭышәынтәалоу. Уи арегионалтә шәарҭадара зегьы азы аҵакы амоуп. Ҳара Мрагылара Ааигәа аус ацура астратегиа ҳадгылаҩуп", – иҳәеит Инал Арӡынба.
Иара убасгьы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла иҟоу азинмчра нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Иемен ацҳаражәҳәаҩ Абдалла Али Сабрии онлаин-еиԥылара рыман.
"Мрагылара Ааигәа атәылақәеи ажәларқәеи аҭоурых ду рымоуп, аекономикатә лшарақәа рымоуп. Убри инадҳәаланы акраҵанакуаны иаҳшьоит ҩ-ганктәи ганрацәалатәи аиныррақәа рышьақәыргылара. Уи адагьы ҳара жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҟны ахырхарҭарацәатә система ҳадгылаҩцәоуп", - иҳәеит Арӡынба.
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2023
Арӡынбеи Шьамтәыла иҟоу Иемен ацҳаражәҳәаҩи Мрагылара Ааигәеи Аԥсни реинырра иалацәажәеит
Иемен ацҳаражәҳәаҩ иҳәеит ахәаахәҭра-економикатә усхк аҟны аизыҟазаашьақәа рырҿиара ринтерес шимоу.
Инал Арӡынба Аԥсны Атәылахьчара аминистрреи Урыстәыла Атәылахьчара аминистрреи русеицура арӷәӷәазы иҟаиҵо ацхырааразы амедал ианашьоуп. Абри азы адҵа инапы аҵаиҩит Аԥсны Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.

Амаининг аԥырҟәҟәара

Аԥыза-министр Александр Анқәаб ихантәаҩрала амаининг аусҿагылараз Ареспубликатә штаб аԥҵан. Анаҩс имҩаԥысит изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аԥырҟәҟәаара иазку Ареспубликатә штаб аилатәара.

"Афымцаенергетикатә усхкы аҿы аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, убри аҟнытә амаининг аԥырҟәҟәареи егьырҭ ауснагӡатәқәеи аенергетикатә инфраструктура иамоу ақәыӷәӷәара акыр иладырҟәыроуп", - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Александр Анқәаб.

Аԥыза-министр иҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи изакәанымкәа акриптовалиута арҳареи уи азы иҷыдоу аиқәыршәагақәа Аԥсныҟа раагара раԥырҟәҟәаареи рнапы ишану.
Жәабран 5 - 10 рыҩнуҵҟа ауааԥсыра ирылгоуп 865 маининг-хархәага: Очамчыра араион аҿы – 319 ак. Аиҳарак амаининг-хархәага ықәдыргылоит уаҩ дахьахым ахыбрақәа рҿы.

Донбасс ахьчараан

Ажьырныҳәа 31 рзы иҭахаз Николаи Денисенко иԥсыбаҩ Пицундаҟа иааргеит жәабран 7 рзы.
Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа аусзуҩцәа аибашьҩы иԥсыбаҩ Ростов-на-Дону аҟынтә иааргеит.

Ииасыз амчыбжь азыУрыстәыла Украина имҩаԥнаго аоперациа ҷыда аҟны дҭахеит 23-шықәса зхыҵуаз Ҟәланырхәатәи арԥыс Никита Зыхәба. Иара аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит жәабран 12 рзы Гәдоуҭа Акультура ахан аҿы.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟала Донбасс ахьчараан аԥсуа еибашьцәа иаадырԥшыз ахаҵаразы ианҭаха ашьҭахь Агәымшәаразы амедал ранашьоуп: Иракли Адлеиба, Олег Андрусенко, Евгени Гадлиа, Валери Лысенко, Азамат Тәанба.
Орден Мужества Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2023
Аԥсны
Донбасс ахьчараан Аԥснытәи аибашьцәа иаадырԥшыз ахаҵаразы Агәымшәаразы амедал ранашьоуп

Анаркотикқәеи аларҵәаҩцәеи

Аԥсны ААР апресс-маҵзура иаанацҳауеит ҩыџьа Узбекистан атәылауаа анаркотикқәа ахьаладырҵәоз азы ишаанкылоу. Дара ирыдбалан метадон згәылаз аилаҳәарақәа.
Дара анаркотикқәа роуит "Ҭимур" ҳәа WhatsApp ала ирнырыз ауаҩы иҟынтә. Амшын аԥшаҳәаҿы иҟаҵаз аҵәахырҭақәа рҟынтәи анаркотикқәа ҭыган.
44 еилаҳәара ԥшаан иаанкылаз руаӡәк дахьышьҭалоз агәабан аҵаҿы. Зынӡа ирыдбалан 27,1 грамм анаркотикқәа. Ашьаус хацыркуп.
Патрульные машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2023
Аԥсны
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра: Аԥсны жәаба рҟынӡа анаркоканалқәа ыҟоуп
Аоперативтә дыррақәа рыла, жәашықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны еиҿкаауп анаркоканалқәа жәаба ҳәа "Аԥсныпресс" иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ААР анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы аусбараҭа аиҳабы Асҭамыр Ԥачалиа.
Аиҳарак анаркотикқәа аларгалоит Урыстәылантәи.
Иара иазгәеиҭеит анаркоканалқәа реиҿкааҩцәа реиҳараҩык ареспублика анҭыҵ ишыҟоу.
Ԥачалиа иажәақәа рыла, иҟоуп Урыстәылантәи Аԥсныҟа атранзит зхы иазырхәо аетникатә гәыԥқәа – Узбекисҭан, Таџьикисҭан, Азербаиџьан ртәылауаа.

Аихамҩаҿ аҭахара

Гагра инхоз аӡӷаб адәыӷба дашьит асабшаҽны, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цәышба.

Ахҭыс иақәшәаз ауаа ражәақәа рыла, уи аԥхьа адәыӷба иаҵахаз ала арельсқәа раԥхьа ишьҭан. Аӡӷабгьы лла лыманы уи аҭыԥ азааигәара дыҟан. Ала дшацхраауаз ииасуаз адәыӷба лысит", - иҳәеит иара.

Аԥсны атранспорттә прокуратура аусҭҵаара мҩаԥнагоит.

Пикассо иџьам дырхынҳәит

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи ахь ихынҳәит Пабло Пикассо иџьам. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит амузеи адиректор Светлана Қорсаиаԥҳа.
Пикассо иџьами франциатәи аскульптор Фернан Леже иусумҭақәа ҩбеи Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитература-мемориалтә музеи ҳамҭас иеиҭеит асоветтә шәҟәыҩҩы Константин Симонов.
Амузеи адиректор Светлана Қорсаиа лажәақәа рыла, 2021 шықәса жәабран 25 рзы артефактқәа абанк аҵәахырҭаҿ ишыҟамыз еилкаахеит, урҭ амузеи анапхгара ирмазҵаакәа уаанӡатәи акультура аминистр Гәдиса Агрба иҭан. Уи аахыс дара рхабар еилкаамызт. Адырра ҟаҵан Ашәарҭадаратә маҵзурахьы, избанзар урҭ алахәны ауп амузеи анапхгара арҭ амаҭәарқәа аҵәахрахь ишнаргаз.
Аусбарҭа аҭҵаарақәа ирылагеит. Пабло Пикассо иҩычеит ҳәа агәызҩара ыҟоу аџьам 2022 шықәса алагамҭаз Москваҟа аекспертизахь ишьҭын ҳәа иҳәеит акультура аминистр Даур Ақаҩба аиҳабыра реилатәараҟны. Аха Қорсаиа ишазгәалҭо ала, аекспонат аекспертиза иахыжьым, аҵәахырҭа изҭыргазгьы еилкаам.
Тарелка Пикассо вернулась в музей Дмитрия Гулиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2023
Аԥсны
Пикассо иџьам Дырмит Гәлиа имузеи иаздырхынҳәит
Ажәабжьқәа зегьы
0