Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Захарова: Урыстәыла агәы иҭоуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи иареи реизыҟазаашьақәа рырҭбаара

© Sputnik / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБрифинг официального представителя МИД России М. Захаровой
Брифинг официального представителя МИД России М. Захаровой - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2023
Анапаҵаҩра
Аиҩызара иашаҵәҟьа иаҿырԥшыганы иҟоуп Урыстәыла имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ралахәра ҳәа лҳәоит Захарова.
АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. Урыстәыла агәы иҭоуп аԥхьаҟагьы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи иареи реизыҟазаашьақәа рырҭбаара ҳәа лҳәеит Урыстәыла ААР ахаҭарнак ҷыда Мариа Захарова.
"15 шықәса раԥхьа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵо Урыстәылатәи Афедерациа урҭ рыхьчара, ԥхьаҟа рыҿиара, ҳаамҭа иақәшәо ҳәынҭқарраны рышьақәгылара хәдықәҵара азнауит", - ҳәа азгәалҭеит Захарова.
Лара илҳәеит Москвеи, Аҟәеи, Цвихвали рыдәныҟаполитикатә позициақәеи рекономикатә позициақәеи шдырӷәӷәо. Урыстәыла иалшо ацхыраара ҟанаҵоит еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы– асоциал-економикатә ҿиараҿы, абитуриентцәа рзы аҵараиурҭақәа рҿы аҭыԥқәа ралхреи агрантқәа рыҭареи, акультуратә усеицураҟны уҳәа.
Государственная Дума РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.02.2023
Аԥсны
Аҳәынҭдума аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Аԥсны Аидгылатә ҳәынҭқарра алалара аҭаххара ахәшьара аиҭеит
Захарова лажәақәа арыла арҭ зегьы Урыстәыла аинтересқәа ирықәшәоит, ашәарҭадаратә маҟа арҭбаараҿы, атуристтәи аусутәтәи лшарақәа рҿы, Аахыҵ Кавказ аршәҭыкакаҷраҿы.
Лара иара убасгьы илҳәоит, Москва аҵак ду шанаҭо аҩ-республикак ршәарҭадара, уи иахьатәи агеополитикатә ҭагылазаашьақәа рҿы аҵак ду шамоу. Аусурақәа цоит Қырҭтәыла амчра ахы ишанамырхәо азы аҭакԥхықәра иаҵагыларазы.
Брифинг официального представителя МИД России М. Захаровой - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2023
Аԥсны
Захарова Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыҿҳәара ахыгара ахҳәаа алҭеит
Ажәабжьқәа зегьы
0