Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Алогистикатә уадаҩрақәа: избан аԥсуа ҩқәа Урыстәылаҟа рынашьҭра изагхаз

© Sputnik / Томас Тхайцук Сбор винограда в с.Кутол
Сбор винограда в с.Кутол - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2023
Анапаҵаҩра
2022 шықәсазы Аԥсны Урыстәылаҟа аҩқәа назышьҭуаз атәылақәа рыбжьара ахәбатәи аҭыԥ ннакылон. Уажәы абыжьбатәи аҭыԥ ахь илбааит аԥыжәара Чилии Португалиеи ирыҭаны.
АҞӘА, жәабран 14 – Sputnik. Украина имҩаԥысуа арратә операциа ҷыда ианалага ашьҭахь аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" аӡа аиуразы алогистика шьақәҟьеит, хымз ааглыхра аанкылан ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит анаплакы адиректор Николаи Ачба.
Иара иажәақәа рыла аҩыҟаҵара еиҭахацыркхеит 2022 шықәса лаҵарамзазы. Уажәы аилахәыра гәҭакыс иамоуп уаанӡатәи амҽхакқәа 80% рҟынӡа ашьақәыргылара.
"Аӡа рацәаны иалаагалоит. Усоуп аус шыруа урыстәылатәи анаплакқәагьы. Ихадароу ахаҭабзиараоуп, аахәаҩцәа ргәаԥхароуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц иажәақәа рыла аџьармыкьаҿы еиҭакхаз аԥҟаррақәа, алогистика аиԥҟьара – аҭыԥантәи ааглыхыҩцәа рхатәы мҩа, рхатәы аӡа аарыхра иазхьанарԥшит.
"Аԥсны иаарыху, иҭыжьу аалыҵ иара ара аус адулахар ма аекспорт ахь инашьҭхар ирацәамхаргьы атәылаз аекономикатә лҵшәа аиуеит. Ари иацуп ахатәы аалыҵ ашәарҭадара аиҿкаара азҵаарақәа. Ҳара ирацәаны еиуеиԥшым аалыҵ ааҳрыхуазароуп, аԥхьа атәылаз, нас аекспорт азы", - иҳәеит иара.
Николаи Ачба иазгәеиҭеит аԥсуа ҩқәа рхыԥхьаӡара шеиҵахазгьы урыстәылатәи аџьармыкьаҿы алаҵәара шамоу, изҭаху шырацәаҩгьы. Уи аалыҵ ахаҭабзиароуп изыдҳәалоу.
Винный погреб  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.02.2023
Аԥсны
2022 шықәсазы Урыстәыла аҩы алазгалаз атәылақәа
"Молдавиатәи алага иалырхуеит ҳәа рыҩуеит, аха ахархәаҩ дузжьом. Иахьазы аилыԥшаа рацәа аныҟоу иалихыша идыруеит" , - ҳәа азгәеиҭеит Ачба.
2021 шықәсазы Аԥсны Урыстәылаҟа аҩқәа назышьҭуаз атәылақәа рыбжьара ахәбатәи аҭыԥ ннакылон. 2022 шықәсазы абыжьбатәи аҭыԥ ахь илбааит, аԥыжәара Чилии Португалиеи ирыҭаны. 27% илаҟәит Урыстәылаҟа аекспорт анашьҭрагьы.
Иахьазы аимпортиорцәа ираԥхьагылоуп Италиа, Испаниа, Қырҭтәыла, Франциа, Португалиа.
Пресс-коференция Вина и Воды Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2022
Аԥсны
Аԥсны аҩыҟаҵаҩцәа аҩбатәи реицлабра шымҩаԥысуа
Ажәабжьқәа зегьы
0