Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аҩыҟаҵаҩцәа аҩбатәи реицлабра шымҩаԥысуа

© Sputnik / Томас Тхайцук Пресс-коференция Вина и Воды Абхазии
Пресс-коференция Вина и Воды Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2022
Анапаҵаҩра
Амилаҭтә еицлабра аԥсуа ҩқәа хықәкыс иамоуп, аҭыԥантәи ахатәы ҩыҟаҵаҩцәа ацхыраара рыҭареи Аԥсны иҭарҭәо аҩы ахаҭабзиара ашьҭыхреи.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22– Sputnik. Аԥсуа ҩқәа аҩбатәи амилаҭтә еицлабра мҩаԥгахоит ааԥын 2023 шықәсазы, аицлабра аихшьаала азухоит мшаԥы 8 рзы ҳәа иҳәеит анаплакы "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" адиректор хада Николаи Ачба аԥшьаша, ԥхынҷкәын 22 рзы имҩаԥысыз апресс-конференциаҿы.

"Аицлабра хықәкыс иамоуп аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи акультура аизырҳареи, аҭыԥантәи аҩыҟаҵаҩцәа ацхыраара рыҭареи. Ҳара ҳгәаанагарала раԥхьатәи аицлабра маншәаланы имҩаԥысит, ҳара иалҳкааит аиааира згаз, иҟоуп аҩ бзиа ҭазҭәо аҩыҟаҵаҩцәа рацәаҩны. Ари аус иацҵо, ишаҳҳәаз еиԥш аицлабра есышқәсатәихоит", - ҳәа иҳәеит Ачба.

Иара иҳәеит ажьырныхәамза азбжа инаркны мшаԥы 8 рҟынӡа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рыҟны ишымҩаԥгалахо даара аинтерес зҵоу аицлабра иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа.
Аицлабра аԥҟарақәа аиҭакрақәа алагалоуп. Ҵыԥхтәи аицлабра иалахәыз аҩыҟаҵаҩцәа раалыц хышә литра еиҵамызҭгьы сынтәа хәышә литра еиҵамзароуп.
"Аԥсуа ҩы ахаҭабзиара ашьҭыхразы, алекциақәа роума ацәыргара аҟны аума, агьамеиларагара аҟны аума ҳусуцәа ирылшо зегь аҟны адгылара рырҭоит ацхыраара зҭаххо", - ҳәа иҳәеит Николаи Ачба.
Аӡынба Аԥсны аӡахәааӡаразы: аицлабра ашьҭахь аиҭаҳатә иашьҭалаз рацәаҩуп   - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2022
Арадио
Аӡынба Аԥсны аӡахәааӡаразы: аицлабра ашьҭахь аиҭаҳатә иашьҭалаз рацәаҩуп
Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иазгәеиҭеит анаплакы "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" ҳреспубликаҟны аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи алазырҵәуа акәны ишыҟоу.
"Гәахәароуп ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатә ишьақәгылахьоу анаплакы акәымкәан зхатәы аҩыҟаҵара иалагаз ахьракәу. Раԥхьатәи ашықәс иаанырԥшит анхацәа зхаҭабзиара ҳаракәу рхатәы ҩыцқьа ҭазҭәо шырацәаҩу", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Аԥсны Аҳәынҭстандарт ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Гурам Барцыц иазгәеиҭеит, аусбарҭа ари аицлабра амҩаԥгара адгылара шанаҭо.
"Уаргәырӷьаратә иҟоуп ари аицлабра есышықәса амҩаԥгара ахьазгәаҭоу. Еиҳаракгьы анхацәа ацхыраара ахьрырҭо", - ҳәа иҳәеит иара.
Еицырдыруа аҩыҟаҵаҩ, Аԥсны ааглыхратә ҩыҟаҵара ашьаҭаркҩы Николаи Бата-иԥа Ачба ихьӡ зху аицлабра хықәкыс иамоуп аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи акультура аизырҳареи аҭыԥантәи аҩыҟаҵаҩцәа ацхыраара рыҭареи.
Винный погреб - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2022
Аԥсны
Аԥсуа ҩқәа раԥхьатәи рмилаҭтә еицлабра алҵшәақәа еихшьалоуп
Аԥсуа ҩқәа раԥхьатәи рмилаҭтә еицлабра мҩаԥысит 2022 шықәса мшаԥымзазы. Усҟан аиҿкааҩцәа Аԥсны араионқәа рҟынтәи еидыркылаз 100 рҟынтәи иалырԥшааит 62.
Аицлабра еихшан: аҩы шкәакәа, аҩы ҟаԥшь, "Изабелла", Ақыҭанхамҩа аминистрреи Ачаа рҭаацәареи рҟынтәи иҷыдоу аҳамҭа уҳәа. Гран-при ианашьахеит аҩыҟаҵаҩ қәыԥш Саид Ажәанба.
Ажәабжьқәа зегьы
0