Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Жәабран 5 инаркны 10-нӡа Аԥсны ирылгоу амаининг хархәагақәа

Анапаҵаҩра
Жәабран 5 инаркны 10-нӡа азинхьчаратә усбарҭақәеи, Аҳәынҭстандарти, "Амшынеиқәафымцамчи" русеицура иабзоураны акриптовалиута арҳаразы амаининг хархәагақәа 865 рылгоуп.
Астатистика аҟны ишарбоу ала, амаининг хархәагақәа зегь реиҳа ирацәаны иԥшаан Очамчыреи Очамчыра араиони рыҟны - 319 цыра. Зегь раасҭа еиҵаны - Тҟәарчал, уаҟа зынӡа акагьы ыҟаӡам.
Изакәанымкәан акриптавалиута арҳара аԥырҟәҟәара азҵаара шьҭыҵит Аԥсны аенергосистема иамоу ауадаҩрақәеи, амаинингқәа ирыхҟьаны лассы-ласс афымцацәаҳәақәа реиԥҟьареи ирыхҟьаны.
Аԥсны ахада инапынҵала жәабран 6 рзы иаԥҵан закәаншьаҭада акриптовалиута арҳара аԥырҟәҟәаразы Ареспубликатә штаб. Уи хадара аиҭоит аԥыза-министр Александр Анқәаб. Иара иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзуреи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи аус руеит изакәанымкәан амаинингқәа афымцацәаҳәақәа раҿаԥшьреи атрансформаторқәа рышьақәыргылареи раԥырҟәҟәаразы. Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы - амаининг шьақәгылақәа атәыла иалазгаларц зҽазызшәо раарԥшра. "Амшынеиқәафымцамч" - зинда атрансформаторқәа шьақәзаргылои, атуристтә хыбрақәа рыҟны амаининг фермақәа рыҟазаара ргәаҭареи.
Ажәабжьқәа зегьы
0