Урыстәылеи Аԥсни аекономикатә усқәа рзы аӡбарҭақәа рыӡбрақәа рзы аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДом правительства РФ в Москве
Дом правительства РФ в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 17 – Sputnik. Урыстәыла аминистрцәа реилазаара аекономикатә усқәа рзы аӡбарҭақәа рыӡбрақәа рзы аиқәшаҳаҭра аднакылеит. Адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы.
Аиҳабыра рықәҵарала адокумент Владимир Путин идгалахоит, уи ашьақәырӷәӷәаразы Аҳәынҭдумахь инаишьҭуеит.
Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын X Петербургтәи афорум аҿы рашәара 29, 2022 шықәсазы. Рнапы аҵарҩит Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыци иколлега Константин Чуиченкои.
Адокумент ашьақәырӷәӷәара ашьҭахь Урыстәылеи Аԥсни наҟ-ааҟгьы иазхарҵалоит дасу ртәылаҿ ирыдкыло, абизнес амҩаԥгараан атәылауаа ирызцәырҵуа аилибамкаарақәа рзы аӡбрақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0