Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ахаҵамԥҳәыс": Надежда Инал-иԥа леибашьратә мҩа иазкны

© Foto / Из семейного архива семьи Инал-ипаНадежда Инал-ипа
Надежда Инал-ипа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2023
Анапаҵаҩра
1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иадыруеит ахацәа ирываҟәылоз, хамеигӡарала зыԥсадгьыл зыхьчоз афырԥҳәызбацәа рыхьӡқәа. Иахьатәи санҵамҭа лызкуп аҭыԥҳацәа хьӡырҳәагақәа рыгәҭа игылаз Бзыԥҭатәи аԥсуа ԥҳәызба Надежда Тарас-иԥҳа Инал-иԥа. Аибашьра аветеран лнысымҩа атәы еиҭалҳәеит лмаҭа Викториа Гыцԥҳа.
Аҭаацәара ду аҟны ииз аԥҳәызба Надежда Инал-иԥеи, лаҳәшьа Валентинеи, гәыԥҩык рҩызцәа аҭыԥҳацәеи хықәкыла акомҿар Еидгыла иалаз, 1942 шықәса мшаԥы 9 рзы Ар ҟаԥшь ахь инарԥхьоит. Иршьҭуеит Баҭым афронт ацәаҳәахьы. Аӡӷабцәа раб Тараси ран Иака Жәанԥҳаи рыхшара рзы агәҭынчымра рыман. Дара усгьы ргәы былхьан, анышә иамардахьан машәырла зыдунеи зыԥсахыз рԥеи рыԥҳаи. Егьырҭ аҩны инхаз ҩыџьа рԥацәеи рыԥҳаи қәрала аррамаҵура иаҵанакуамызт аҟнытә урҭ рыла рыԥсы ҭан.
© Foto / Из семейного архива семьи Инал-ипаНадежда Инал-иԥа
Надежда Инал-ипа - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2023
Надежда Инал-иԥа
Аԥхьанатә, аҭыԥҳацәа, аофицарцәа еиуеиԥшым адисциплинақәа рыла адыррақәа рырҭоит. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны дара аибашьыгатә техникеи, аибашьыгатәи аграждантәи авиациа иатәу аҳаирпланқәеи реиҩдыраареи рҵар акәын. Ар ҟаԥшь хықәкыс иаман, ҵәҩанҵәхысгатә-артиллериатә хархәага арҭ аԥҳәызбацәа рнапахьы иааганы ахацәа амца ахьеилашоз афронт ахь риагара. Аҵара ианахыс ашьҭахь, аԥышәа зауз Надежда дахыԥхьаӡалахоит апрожектортә аҳәса рбаталион, Валентина дахәҭакхоит 466-тәи ҵәҩанҵәхысгатә-артиллериатә аҳәса рбаталион. Аԥҳәызбацәа рымчала аӷа иҳаирпланқәа Амшынеиқәатә баӷәазақәа рахь иаарышьҭуамызт. Уахынла апрожекторқәа рыла ажәҩан андырлашоз, рылаԥш иҵашәоз анемец џьар еиқәаҵәа зныз аҳаирпланқәа ҭадырхон. Надежда дыруаӡәкын аӷацәа апрожектор рықәырԥханы изырблаҟьоз, Валентина-ирықәкны ихысуаз.
"Сандуи лаҳәшьеи ирҳәамҭаны издыруеит аӷацәеи дареи реиҿагыларақәа раан, аԥҳәызбацәа ргәы хыҭ-хыҭуа ишраҭәоу еиԥш ашәара ишамҽханакуаз, аха нас рымч еизганы, арыцҳашьара рхаршҭны аӷа дшырымшаҭоз. Еиҭарҳәон аӷа данааигәахоз аӡӷабцәа аӡәи-аӡәи абзиараз ҳәа шеибырҳәоз, насгьы рҭыӡҭыԥқәа ақьаад ианҵаны ишеимырдоз, дара рахьтә иҭахо ҟалар, рҭаацәа рахь ирыцҳарцаз", - аҭоурых дазааҭгылоит амаҭа Викториа Гыцԥҳа.
Надеждеи Валентинеи аибашьра ашьҭахь еибганы рҭаацәа рахь игьежьит. Аиҳәшьцәа иаадырԥшыз агәымшәаразы иранашьан хыԥхьаӡара рацәала аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа.
Аҭынч ԥсҭазаара анышьақәгыла, Валентина Урыстәылаҟа аҵараҵара дцеит. Надежда Бзыԥҭа аҳаблан аколнхараҟны аусура далагеит, арԥхаратә нхамҩа (парниковое хозяйство) дахагылан. Есышықәса лхылаԥшрала иаадрыхуаз аҭаҭын аалыҵ рацәан. Надежда, Бзыԥҭа аҳабла аԥсҭазаара активла далахәын. Убри аҟнытә лыуаажәлар иҟарҵоз аҳәарала акырынтә аҳабла Асовет адепутатс лкандидатура ықәлыргылахьан, ажәлар рыгәрагарагьы даԥсахон. 1963 шықәсазы Қырҭтәыла Иреиҳау Асовет адепутатс далхын, уи ашьҭахьгьы изныкымкәа алхыҩцәа рыбжьы лырҭаны аҳәынҭқарраҟны рҿахәҳәаҩыс дыҟан.
"Санду адепутаттә еилатәарақәа аныҟаз Қарҭҟа дцон. Ажәлар рызҵаарақәа рыӡбара дашьҭан, аиҳарак ақыҭанхацәа. Бзыԥҭа аиҳабыратәи абиԥара иаҵанакуа, иахьагьы ҳаҭырла илыхцәажәоит, уи хымԥада ҳара лмаҭацәа ҳзы игәахәара дууп", - инаҵылшьит Викториа.
© Foto / Из семейного архива семьи Инал-ипаНадежда Инал-иԥа
Надежда Инал-ипа - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2023
Надежда Инал-иԥа
Надежда наҟ-наҟ длынасыԥхеит Бзыԥҭатәи арԥыс, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Владимир Дамеи-иԥа Гыцба. Дара хәҩык ахшара рааӡеит. Аҭаацәара ду рныҟәгареи, рааӡареи, ажәлар рымаҵ ауреи иахьӡон аҩыџьагьы. Хаҵеи ԥҳәыси иахьынӡарылшоз Бзыԥҭа аҳабла аҿиара иазааԥсеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0