Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чамагәуа аматематика аԥсышәала арцәажәаразы: аӡәыр иҭаххарыма ҳәа сахәаԥшуеит

Чамагәуа аматематика аԥсышәала арцәажәаразы: аӡәыр иҭаххарыма ҳәа сахәаԥшуеит
Анапаҵаҩра
Амилаҭтә библиотекаҿы иӡырган атехникатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алеқсандр Чамагәуа афизика-математикатә ҭҵааарадыррақәа ирызкны аԥсышәала еиқәиршәахьоу хә-шәҟәык. Шықәсы рацәала аус здулоу аусумҭақәа ашколтә программазы иахьынӡаманшәалоу атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит.
Алеқсандр Чамагәуа еиҭеиҳәеит, аматематика аԥсышәала арцәажәара иусны ишыҟалаз атәы.
"Сашьа, знымзар-зны аԥсуа школ ҟалароуп, убри аҟнытә аматематика еиҭаугар бзиан ҳәа сабжьаигалон. Абыжьбатәи акласса ҿы стәан, ақырҭшәала аҵара ҳҵон. Зны агеометриа ҳаман, атеорема аниҳәа, абри аԥсышәала ишԥаҟало ҳәа сазхәыцит. Аԥсшәа аҵара салагеижьҭеи иаргьы саҿуп сҳәар алшоит. Усҟан исҵаз аԥсшәа иахьа схы иархәаны аурысшәала исҵазы реинраалара саҿуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Чамагәуа.
Аҵарауаҩ иҳәеит, аԥсабара ҭызҵаауа амаҭәарқәа иахьа аԥсышәала ишзымцәажәо.
"Аматематика, афизика аԥсышәала ҳалацәажәаратәы абызшәа рҿиаӡам. Аԥшьбатәи акласс аҟынӡа иҟоу алексика азхаӡом. Аха саналагоз аамҭеи иахьатәи аамҭеи даара рҽырԥсахит. Аӡәыр иҭаххарыма ари аус ҳәа сахәаԥшуеит, аха аԥсыуак дахьынӡаҟоу ииҳәар ииҭаху иҿы иаҳәаратәы аҟаҵара зуалԥшьоу аԥсуаа роуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Алеқсандр Чамагәуа иажәақәа рыла иахьа еиқәыршәоуп ашәҟәқәа 5-тәи акласс амаҭәарқәа зегьы аԥсышәала, аха уи ахаҵгылара аҭахуп. Аԥышәаратә классқәа аартны агәаҭарақәа мҩаԥгатәуп, аха адҵа ҟамлакәа, аӡәгьы дахаҵгылом ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0