Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи рҳәааҟны зымчхара 6,3 балл иҟаз адгьылҵыра ҟалеит

© AFP 2023 / Yasin AkgulРазрушенная мечеть Habib-i Neccar в Антакье вследствие землетрясения в Турции
Разрушенная мечеть Habib-i Neccar в Антакье вследствие землетрясения в Турции  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2023
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла алада-мрагылара Кахраманмараш апровинциаҟны жәсааҭк рыбжьаны 7,7, 7,6 балл зымчхара ыҟаз адгьылҵысра ҟалеит жәабран 6 рзы.
АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи рҳәааҟны зымчхара 6,3 балл иҟаз адгьылҵыра ҟалеит ҳәа аанацҳауеит Европатәи асеисмологиатә центр.
Адгьылҵысра ҟалеит ҳәа азгәаҭоуп асааҭ 17:04 рзы UTC аамҭала (20:04 мск) Ҭырқәтәыла Антаки ақалақьи шьамтәылатәи ақалақь Латаки рҟынтәи жә-километрак набжьаны.
Аҭыԥантәи АИХқәа излаарыцҳауа ала, аҽа х-минуҭк рышьҭахь ҩаԥхьа адгьылҵысра ҟалеит зымчхара 5,8 балл иҟаз.
Ҭырқәтәыла алада-мрагылара Кахраманмараш апровинциаҟны жәсааҭк рыбжьаны 7,7, 7,6 балл зымчхара ыҟаз адгьылҵысра ҟалеит жәабран 6 рзы. Адгьылҵысра ашьҭахь асеисмологцәа иазгәарҭеит хышә рҟынӡа адгьылҵысра маҷқәа. Ари аԥсабаратә рыцҳара Ҭырқәтәыла 13 миллион инареиҳаны ауааԥсыра ахьаланхо апровинциақәа жәеиза аҵанакит, иара убас Шьамтәыла. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла адгьылҵысра иахҟьаны ҭырқәтәыла иҭахеит 41 нызқь инареиҳаны ауааԥсыра.
Ажәабжьқәа зегьы
0