Путин: Урыстәыла иалшоз зегь ҟанаҵон Донбасс апроблема ҭынчымҩала аӡбаразы

© Sputnik / Сергей Батурин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВиды Донецка
Виды Донецка - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин Афедералтә еизарахь анашьҭымҭа ҟаиҵеит.
АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik. Урыстәыла иалшоз зегь ҟанаҵон Донбасс апроблема ҭынчымҩала аӡбаразы, Донбасс ԥшын, иҳақәгәыӷуан иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Афедералтә еизарахь инашьҭымҭаҿы.

"Аимак алҵразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥаагон, аха ҳашьҭахь жаҽа сценарик аздырхион", - ҳәа иҳәеит иара.

Мраҭашәара Донбасс аҭынчра рҭахызшәа ирҳәоз зегь мцхеит ҳәа азгәеиҭеит иара.
"2014 шықәса раахыс Донбасс еибашьран изҿыз, ахатәыдгьыл аҿы аԥсҭазаара бзиа иазықәԥон, ахатәы бызшәа иазықәԥон, киевтәи арежим иауаз зегьы ирҿагылон, иԥшын Урыстәыла цхыраара ианбааиуеи ҳәа", - иҳәеит Путин.
Владимир Путин аоперациа ҷыда далацәажәо иазгәеиҭеит шьаҿа-шьаҿала рҿаԥхьа иқәгыло аусдҵақәа ишрызнеиуа.
"Шықәсык аԥхьа ҳҭоурыхтә дгьылқәа ирықәынхо ажәлар рыхьчаразы, ашәарҭара аԥырҟәҟәааразы иҳадаҳкылеит имариамыз аӡбара – арратә операциа ҷыда алагаразы. Абри аус аҿы шьаҿа-шьаҿала ҳҿаԥхьа иқәгыло аусдҵақәа наҳагӡалоит", - иҳәеит ахада.
Ажәабжьқәа зегьы
0