Ҭырқәтәыла ҿыц иҟалаз адгьылҵысраан фҩык рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Сертач Каяр / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛиквидация последствий землетрясения в Турции
Ликвидация последствий землетрясения в Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2023
Анапаҵаҩра
Ашәахьа ауха ҭырқәтәылатәи апровинциа Хатаи ҩ-дгьылҵысрак ҟалеит 6,4, 5,8 балл амчхара рыманы.
АҞӘА, жәабран 21 - Sputnik. Ҭырқәтәыла, апровинциа Хатаи иҟалаз адгьылҵысра ҿыц аан фҩык рыԥсҭазаара иалҵит ҳәа аанацҳауеит агазеҭ Star.
Уаанӡа Ҭырқәтәыла агәабзиарахьчара аминистрра 300-ҩык ахәрақәа рымоуп ҳәа аанацҳахьан, ателеканал TRT Haber ԥшьҩык рҭахара атәы аҳәахьан.
Аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхразы Аусбарҭа (AFAD) ашәахьа ауха ҭырқәтәылатәи апровинциа Хатаи ҩ-дгьылҵысрак ҟалеит 6,4, 5,8 балл амчхара рыманы ҳәа аанацҳаит.
Ажәабжьқәа зегьы
0