Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Ахьӡ-аԥша амузеи Маркәыла ақыҭан аекспедициа "Афырхацәа рымҩала" мҩаԥнагоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Горный пейзаж села Куланырхуа
Горный пейзаж села Куланырхуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2023
Анапаҵаҩра
Аекспедициа "Афырхацәа рымҩала" азкуп Мрагыларатәи афронт аҿы Аԥсуа ар ржәыларақәа 30 шықәса рхыҵра. Амузеи асеиԥш иҟаз аекспедициақәа мҩаԥыргахьеит Лабреи Кәтоли.
АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан аекспедициа "Афырхацәа рымҩала" мҩаԥнагоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит амузеи ахаҭарнак Геннади Ҵлаиа.
Аекспедициа мҩаԥгахоит жәабран 25 рзы. Уи азкуп Мрагыларатәи афронт аҿы Аԥсуа ар ржәыларақәа 30 шықәса рхыҵра.
"1993 шықәса жәабранмзазы ақырҭуа ар ажәылара иалагеит. Аԥсуа қыҭақәа Маркәыла, Ԥақәашь, Мықә, Тамшь, Аҭара, Кәтол артиллериеи авиациеи рыла ирылахысуан. Ааха ӷәӷәагьы рыҭан. Аҭынч уааԥсыра рҟынтәгьы ирацәан иҭахаз. Ақырҭуа ар Ачаи фабрика иахьаҵанакуаз итәеит. Аԥсуа ар ирыгәҭаркит ахақәиҭтәратә жәылара амҩаԥгара. Иҟалеит напышьашәала аилалара аҟынӡа инеиз аибашьра", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҵлаиа.
Аоперациа иалҵшәаны Маркәыла Ачаи фабрика аҳабла ахы иақәиҭтәхеит.
Аекспедициа апрограммаҿ иҟоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи Маркәылатәи абжьаратә школ аҵаҩцәеи реиԥылара, Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз рбаҟақәа рҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара, арра-патриоттә тематика иаҵанакуа ажәеинраалақәа рыԥхьара, ашәақәа рынагӡара, аибашьраҭыԥқәа рҭаара, адәынтәи аматериал аизгара.
Аекспедициа "Афырхацәа рымҩала" азкуп Мрагыларатәи афронт аҿы Аԥсуа ар ржәыларақәа 30 шықәса рхыҵра. Амузеи асеиԥш иҟаз аекспедициақәа мҩаԥыргахьеит Лабреи Кәтоли.
Ажәабжьқәа зегьы
0