Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гәынба аподкастқәа рзы: уажәшьҭа ҳусураҿы иаҳа хшыҩзышьҭра аҳҭалоит

Гәынба аподкастқәа рзы: уажәшьҭа ҳусураҿы иаҳа хшыҩзышьҭра аҳҭалоит
Анапаҵаҩра
Аподкастқәа закәу, насгьы урҭ шыҟаҵатәу иазкны Sputnik апресс-центр аҿы имҩаԥысит аҟазаратә класс. Уи алахәыла, Аԥсуа радио аредактор хада Адгәыр Гәынба Sputnik арадио аефир аҿы еиҭеиҳәеит аиԥылараҟынтәи иаликааз, уи аусураҿы ихы иархәарц игәы ишҭоу, иҳәеит ихатә подкастқәа рыҟаҵаразы агәҭакы шизҵәырҵызгьы.
Sputnik амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысит апрограмма SputnikPro амодуль ҿыц – атема "Подкасты. Что делать, если не можешь молчать". Аҟазаратә класс мҩаԥылгеит Полина Панина – МИА "Россия сегодня" аинновациатә журналистика Ацентр анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ. Алекциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылеи адунеи зегь аҿи аподкастинг аҿиара аҭоурых еиҭалҳәеит, аподкастқәеи арадио-форматқәеи реиԥшымзаара далацәажәеит.
Аподкаст ахаҭа ахархәаҩ иҟынӡа анагара, убри акәын сара хадаратәла интересс исымаз, иҳаҳаз аҭак анаҩс ҳусура иацхраауеит ҳәа агәаанагара сымоуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Гәынба.
"Иахьа саамҭа зегьы зго Аԥсуа радио иахьатәи аамҭа иақәшәо аҟаҵара ауп. Убри азы алекциагьы схы аласырхәит. Иҭҳажьуа аудиоматериал ахархәаҩцәа рҟынӡа анагашьа аформақәа рыԥшаара ҳашьҭан. Ҳусушьа иҵегьы ирцыхцыхтәуп ҳәа сгәы иаанагоит. Адунеи аҿы иҟоу ахархәаҩцәа зегьы Аԥсуа радио рыԥшаар рылшо аҟаҵаразы аҭагылазаашьа ыҟоуп, уи ауп ихадараны иалызгаз ҳаиԥылараҟнытә", - ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.
Адгәыр иҳәеит аҟазаратә класс ашьҭахь ихатә подкастқәа рыҟаҵаразы агәҭакы шизцәырҵыз.
"Зны-зынла жәеинраалақәак сымҩыр ҟалаӡом. Аудиоподкастқәа цәгьала ианаалошәа збоит апоезиа. Саԥхьаҟа сгәы иҭоуп џьара хәышҭаарак аҟаҵара, автортә ԥҵамҭақәа рыла", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0