00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:45
15 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Агазеҭ "Гал" ҭыҵуеижьҭеи 30 шықәса ҵит
18:15
14 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәыла ААРи Еврохеилаки рхаҭарнакцәа Женеватәи аиҿцәажәарақәа раанкылара иалацәажәеит

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФлаги с символикой Евросоюза
Флаги с символикой Евросоюза - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ ҭелла иацәажәара мҩаԥган Евроеидгыла аԥшьгамҭала.
АҞӘА, жәабран 22 – Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини Аахыҵ Кавказ азы Евроеидгыла ахьӡала аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩ Тоиво Клаари изаамҭанытәиу араунд азҵаарақәа ирылацәажәеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла ААР.
"Урыстәылатәи аган аҽазныкгьы азхьаԥшра анаҭоит изаамҭанытәиз Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа изныкымкәа рымҩаԥгара аҿҳәареиҭакра шылҵшәадоу. Ари аҩыза апрактика акрызҵазкуаны зхы аазырԥшхьоу аиҿцәажәаратә механизм аусура зынӡа иааннакылар алшоит. Уи арегионалтә шәарҭадара ҵнашәаауеит", - ҳәа ҳәоит аусбарҭа адырраҿы.
Галузин ҭелла аицәажәараан ишьақәирӷәӷәеит Урыстәыла аиҿцәажәарақәа, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ршәарҭадара аиҿкаара азҵаарақәа рылацәажәара ишрыдгылаҩу.
Галузини Клаари иара убасгьы ирзааҭгылеит Ермантәылеи Азербаиџьани рыбжьара аизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалара.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа адырра ҟанаҵоит, жәабран 21-22 рзы имҩаԥысраны иҟаз Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд ахьахырԥахаз азоуп ас еиԥш аӡбарҭа зрыдыркылаз ҳәа. Аӡбара рыдыркылеит Евроеидгыла, ЕАР, ОБСЕ рҟынтәи ацхантәаҩцәа рхаԥышәала.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ацхантәаҩцәа рхымҩаԥгашьа аиҿцәажәаратә процесс иаԥырхагоуп, арегион аҿы аҭышәынтәалара ашәарҭара иҭанаргылоит ҳәа ишьоит.
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2023
Аԥсны
Инал Арӡынба Мраҭашәара атәылақәа Аԥсны аганахь ала рполитика ахҳәаа аиҭеит
Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рделегациа жәабран 8-9 рзы Аԥсны аофициалтә хаҿқәа ирԥылараны иҟан, аха Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рделегациа ҭакк аҳасабала атәыла алалара азин рырымҭеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0