Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Жәлар Реизара Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи афинанстә цхыраара рыҭара иақәшаҳаҭхеит

© Sputnik / Осман Нури Черит / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛиквидация последствий землетрясения продолжается в Турции
Ликвидация последствий землетрясения продолжается в Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2023
Анапаҵаҩра
Жәабран 15 азы Аԥсны аиҳабыра арыцҳара ианиаз атәылақәа афинанстә цхыраара рыҭаразы ақәҵара рыдыркылеит.
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Аԥсны Апарламент адепутатцәа Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи руааԥсыра 300 000 доллар афинанстә цхыраара рыҭара иақәшаҳаҭхеит.
Аԥарақәа Аԥсадгьыл ахь ахынҳәра Афонд абиуџьет аҟынтә иазоужьхоит. Ҭырқәтәыла иазырхоуп 100 000 доллар, Шьамтәыла – 200 000 доллар.
Аԥсны адунеи атәылақәа жәпак реиԥш адгьылҵысрақәа ӷәӷәа ахьыҟалаз Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи рыуаажәлар иацхраауеит.
Дамаск иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа шә-нызқьмааҭ еизнагеит, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иколлега Башар Асад идигалеит ааха зауз ахәыҷқәа Аԥсны рыхәшәтәразы рыдкылара ишазыхиоу.
Аҟәысба: Аԥснынтә ҳашьцәа иҟарҵаз ацхыраара гәахәала ирыдыркылт Ҭырқәтәыла - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2023
Арадио
Аҟәысба: Аԥснынтә ҳашьцәа иҟарҵаз ацхыраара гәахәала ирыдыркылт Ҭырқәтәыла
Ажәабжьқәа зегьы
0