00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Актуальный комментарий
14:54
5 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
12 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Ауаҩы игәалаҟазаара ашьҭыхраҿы акомедиа иалшои: аччара амш аҽны актиорцәа ҳрыҿцәажәоит
13:19
25 мин
Аиҿцәажәара
Диузџье аԥсшәа зҵо астудентцәа рзы ашәҟәқәа ҭыжьуп: абызшәаҭҵааҩы лцәажәара
13:43
17 мин
Аиҿцәажәара
Ааԥынтәи аусурақәа Аҟәа араион аҿы: ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы иҿцәажәара
14:00
9 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Посредник
Готовность №1: Минфин Абхазии в ожидании экономического форума
14:18
3 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
On air
14:44
2 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҟәысба: Аԥснынтә ҳашьцәа иҟарҵаз ацхыраара гәахәала ирыдыркылт Ҭырқәтәыла

Аҟәысба: ҳашьцәа Аԥснынтә иҟарҵаз ацхыраара гәахәала ирыдыркылт Ҭырқәтәыла
Анапаҵаҩра
Жәабран 20 ауха ҭырқәтәылатәи апровинциа Хатаи ҩ-дгьылҵысрак ҟалеит 6,4; 5,8 балл амчхара рыманы. Уаҟа иҟалаз адгьылҵысра ҿыц аан фҩык рыԥсҭазаара иалҵит ҳәа адырра ыҟан амчыбжь алагамҭаз. Ҭырқәтәыла иҟоу ҳтәыла ахаҭарнакра аума, ҳьынџьуаа роума арыцҳара иақәшәаз ауааԥсыра рыцхыраара рҽазыркит уаҟа адгьылҵысрақәа аԥхьа ианыҟала инаркны. Анҭыҵынтәи инарышьҭыз ацхыраареи, аҭыԥан рымчқәа шеибырҭази ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны дырзааҭгылеит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнак Аҭанур Аҟәысба.
"Адгьылҵысра аԥырхага знаҭаз ақалақьқәа 11 иреиҳауп. Ари амчыбжь ашәахьа ауха иҟалар алшоит ҳәа иргәахәоз даҽа зны иҟалеит. Зыҩнқәа иҩналаны аҩнымаҭәа дәылзгарц иаҿыз фҩык аҵахан рыԥсҭазаара иалҵит. Ишыжәдыруа еиԥш, ҳажәлар ара даара ӷәӷәаала ацхыраара рырҭеит (адгьылҵысра иақәшәаз-аред.), ҳашьцәа Аԥснынтә, ҳаԥсадгьыл аҟынтәи ацхыраара аарышьҭит, уи даара ара гәахәа алырхит, иҭабуп рҳәеит аҳәынҭқарра аганахьалагьы, ажәлар рганахьалагьы. Ара иҟоу ҳхаҭарнакра даара ибзианы аус ауеит, ҳфедерациа, ҳхеидкылақәа адгьылҵысра ахьыҟалаз ауааԥсыра ашәҵатәы, иахьынхаша, афатә амашьына дуқәа рыла ирхианы ҳажәлар иҟарҵаз ацхыраара аагара иаҿуп.Уажәгьы асиа ҟаҵаны ауааԥсыра ирҭаху ҳәа аидкылара иаҿуп, ацхыраара иахьынӡаҳалшо ираҳҭоит", - иҳәеит Аҟәысба.
Иара иазгәеиҭеит ақыҭаҟны аҩнқәа змоу аԥсуаа рхаҭарнакцәа арыцҳара ду иақәшәаз хыҵакырҭада иҟоу ауаа шрыдыркыло.
Ажәабжьқәа зегьы
0