Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа ахада ҿыц далхуп

© Sputnik / Томас ТхайцукШабат Логуа
Шабат Логуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2023
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 2021 шықәса раахыс Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа ахадас дыҟан Ҭарашь Ҳагба, уи ажьырныҳәамзазы аҿари аспорт русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩыс дҟарҵеит.
АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Шабаҭ Логәуа Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа ахадас далырхит изаамҭанытәымыз ААФ аҳасабырба-алхратә конференциаҿы.
Аиԥылара аартуа Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа ахада Ҭарашь Ҳагба иҳәеит, ари аҭыԥ ааныжьра игәы ишҭоу аҿари аспорт русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы иус аамҭеи азхьаԥшра ӷәӷәеи ахьаҭаху аҟынтә.
Таращ Хагба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2023
Аԥсны
Ҭарашь Ҳагба аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы аиҳабыс дҟаҵоуп
Ҳагба иқәгылараҟны еиқәиԥхьаӡеит иара инапхгара аамҭазы Афедерациа иамоу аихьӡарақәа.
Ҳагба иҳәеит иусура шьаҭаны ишазыҟаз Аԥсны ашьапылампыл аҿиара. Абри аамҭазы иалыршахеит Иреиҳаӡоу алигаҿы ахәмаррақәа рхыԥхьаӡара аизырҳара, ишиашоу ицоз адырраҭарақәа. Ателехәаԥшрала ишиашо ицоз адырраҭарақәа ареспубликаҿ ашьапылампыл ахь аинтерес цәырыргеит. Иара убасгьы, Ҳагба аҵакы аманы дахәаԥшуеит ақыҭатә командақәа рыбжьара аиндаҭаларқәа.
Награждение победителей и призеров футбольных чемпионатов Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2022
Аԥсны
Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа 2022 ашықәс аихшьаала ҟанаҵеит
Афедерациа ахадас икандидатура ықәиргылеит Шабаҭ Логәуа. Ҭарашь Ҳагба иҳәеит Логуа ари аҭыԥ аҿы алҵшәа аарԥшра илшоны ишиԥхьаӡо.
Логәуа аҟәатәи "Нарҭ" далахәылоуп, еизго амилаҭтә команда капитанс дыҟоуп.

Шабаҭ Логәуа - аҟәатәи "Нарҭ" аҟны дааӡамҭоуп, Иури Коноплиов ихьӡ зху ашьапылампылтә академиа аҟны аҵара иҵон, 2011—2013 шықәсқәа рзы уи акоманда ахьӡала дыхәмаруан, Аҟәатәи акоманда далахәыланы ҩынтә-ҩынтә Аԥсны ачемпионати Ахраҿеи дыриааит.

2016 шықәсазы Аԥсны еизгоу акоманда даланы ConIFA аверсиала Адунеи чемпионс дҟалеит. 2018-2019 шықәсқәа рзы - Аԥсны иреиӷьу ашьапылампыласҩы ҳәа далкаан, 2019 шықәсазы иреиӷьу ажәылаҩ ҳәа дазгәаҭан, имҩаԥигаз 15 хәмарра рҟны 10 мпыл амҩа иҭаиршәеит. Логәуа ашьапылампыл асра даҟәыҵит.
Еиуеиԥшым ааиҭақәа рзы Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа напхгара арҭон: Владимир Мқанба, Валери Аршба, Рафаель Амԥар, Геннади Ҵнариа, Артур Амқәаб, Леонид Ӡаԥшьба, Џьамал Гәбаз, Руслан Аџьынџьал. 2017 -2020 шықәсқәа рзы Афедерациа иахагылан Џьума Кәарцхьиа, 2021 шықәса раахыс- Ҭарашь Ҳагбеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0