Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Приднестровие иҟоу Аԥсны ахаҭарнак арегион аҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу еиҭеиҳәеит

© Sputnik / Вадим Савицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВизит министра обороны РФ С. Шойгу в Молдавию
Визит министра обороны РФ С. Шойгу в Молдавию - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2023
Анапаҵаҩра
Уажәаԥхьа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Украина Приднестровие алалара аҽазыҟанаҵоит ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵахьан.
АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik. Приднестровие аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, иҭынчроуп, аҳәынҭусбарҭақәа зегьы аус шыруц ируоит, абри атәы Аԥсны ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба изеиҭеиҳәеит Приднестровие Молдавиатәи Ареспубликаҿ иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Александр Ватаман.
"Приднестровиатәи аган аиҿцәажәарақәа рыла иҟоу аҭагылаазашьа арҽеира ауп мҩас иалнахо", - иҳәеит Ватаман.
Киевтәи амчрақәа Приднестровие алалара рҽазыҟарҵоит, уи уа игыло урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа ашәарҭара иҭанаргылоит, абри азы аҳәамҭа ҟанаҵеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит украина-приднестровиатәи аҳәааҿы аибашьыга техника, артиллериа, аруаа гылоу ҳәа. Иара убагьы УАМ аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хыԥхьаӡара рацәала рыԥырра убарҭоуп.
Приднестровие инхо рҟынтә 60 процент аурысқәеи украинааи СССР еилаҳаанӡагьы Молдавиа алҵра рҭахын, ареспублика Румыниа иадлар ҳәа ишәаны.
Поставка партии вооружения батальону имени Судоплатова - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2023
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра: Украина Приднестровие алалара аҽазыҟанаҵоит
Ажәабжьқәа зегьы
0