Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

18 шықәса Аԥсны даҟәыҭхан: Падон Габлиа арепрессиа шихигаз иазкны

© Foto / из личного архива семьи Падона ГаблиаПадон Габлиа
Падон Габлиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2023
Анапаҵаҩра
Сталини Бериеи рполитика ҟьашь зықьҩыла ҳауаажәлар рлахьынҵа ареиқәаҵәеит. Еиҭымнатәит абиԥара дук. Ашьра зқәырҵаз реиԥш иҟан ирбаандаҩны Аԥсны иахганы иҭаркыз. Имаҷҩым аџьамыӷәацәгьа иҭагыланы амлеи ахьҭеи иаганы иԥсыз. Ари анҵамҭаҟны иӡбахә шәзеиҭасҳәар сҭахуп жәашықәса Харатәи Мрагылара акаторгатә усурақәа зқәырҵаз Падон Жагәа-иԥа Габлиа. Ажәабжь анҵоуп иара имаҭа Манча Габлиа иажәақәа рыла.
Акыр шықәса раԥхьа Бармышь ақыҭан инхоз Падони иашьеиҳаб Хәаҭхәаҭи раб Жагәа идунеи аниԥсах ашьҭахь, ран Хамсед Чкатуаԥҳа лынасыԥ ицеиҩылшеит Бзыԥҭа инхоз Ԥара Гыцба. Ан лхәыҷқәагьы уахь илгеит. Аҭаацәара ҿыц аҟны диит аӡӷаб. Падони Хәаҭхәаҭи, Ԥара ихатә хшара реиԥш ргәы иамыргакәа иааӡеит. Ианрызҳа, "арҭ адгьылқәа шәара ишәтәуп" ҳәа раҳәаны наҟ-наҟ рхатәы ҩнқәа ахьдыргылашаз аҭыԥқәа риҭеит.
© Foto / из личного архива семьи Падона ГаблиаПадон Габлиа
Падон Габлиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2023
Падон Габлиа
"Сабду Падон даара дыкрауҩын. Бзыԥҭа аколнхара дахагылан. Аколлективизациа ианаамҭаз, ирацәаҩын уи аҿагылара азҭоз анхацәа. Рхатә џьабаала иаадрыхуаз абжа аҳәынҭқар игон аҟнытә агәынамӡарақәа рыман. Сабду иабхәараа Кьахьыраагьы арҭ азакәанқәа ажәлар ринтересқәа иаԥырхагоуп ҳәа ирԥхьаӡон. Дара арахә рацәаны ирыман. Зны аизарагьы мҩаԥганы иақәыӡбеит ари аҭагылазаашьа. Падонгьы аколнхара ахантәаҩык иаҳасабала иуаажәлар ахьеизоз дымнеир ауазма. Убри дахырҟьаны Кьахьырааи иареи аҭакра рықәырҵоит. Избанзар рыгәҭа иҟалеит ацәгьаҳәаҩцәа. Раԥхьа сабду Гагра, Абааҭатәи абахҭахь дыргоит. Кьахьыраа ахацәа анҭарк, ирымаз рырахә амҩаду ала ирыманы ицеит амазара зтәызтәырц зҭахыз ачынуаа. Исаҳахьан, арахә еишьҭаргыланы ианыргоз, рхы Бзыԥҭа ажәытә ацҳаҟны иҟазтгьы, рҵыхәа макьана аҳабла иалымсӡацызт ҳәа. Арахә ирыцыз ахьча лақәа, аԥшәмацәа абжьааԥнеиԥш ашьхаҟа иргоз џьшьа уа ирыцын. Абџьар зманы инеиуаз акануеиаа алақәа ирхыччо иргәыдҵаны иршьуан", - еиҭеиҳәоит амаҭа Манча Габлиа.
Падон дырбаандаҩны даныргоз иԥеиҳабы Платон хәышықәса ихыҵуан аиҵбы Васиа шықәсык. Иԥшәмаԥҳәыс Қаниа Кьахьырԥҳа лхаҵа дылхәыцру, лашьцәа лгәырҩару, лхәыҷқәа рлахьынҵа хьаас иҟалҵару лзымдыруа даанхеит.
Падон Абааҭатәи абахҭахь даннарга, ауадабжьара аҟны аӡәы иҵәаабжьы иаҳауан, уи убриаҟара дырхәахәон, ибжьы заҳауаз "ишәырҭо ақьаадқәа зегьы шәнапы рыҵажәиҩы, акәымзар шәыԥсы шҭоу сара сеиԥш ишәылгоит" ҳәа ишилшоз ҿиҭуан. Падон ишьапқәа ахьиргылоз ижәцәеимаақәа адашьма иқәҵәраауан, ҵаҟа данԥшы ибеит ашьа шакәыз. Убасҟан ажәак мҳәакәа инапы рыҵаиҩит изнаргаз, ажәлар драӷоуп ҳәа зҳәоз ашәҟәқәа. Падон Габлиа атауармҩангагатә дәыӷбала ддәықәырҵеит Урыстәыла, Харатәи Мрагылара, ақалақь Комсомольск на амуре. Араҟа егьырҭ абаандаҩцәеи иареи аџьамыӷәа цәгьа иҭадыргылеит.
© Foto / из личного архива семьи Падона ГаблиаПадон Габлиеи иԥшәмаԥҳәыс Қаниа Кьахьырԥҳаи
Падон Габлиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2023
Падон Габлиеи иԥшәмаԥҳәыс Қаниа Кьахьырԥҳаи
"Раԥхьа иҭшәаз, аҳауа аарла иахьнеиуаз аказармақәа ирыҩнаркит. Есыуаха ҿааихак амамкәа ахысбыжьқәа гон, уи иаанагоз абаандаҩцәа ршьуан ауп. Уажәшьҭа сабдуи ицҭакызи раамҭа анааигәаха, алаҳәара ҟаҵан абна алхразы абаандаҩцәа шьҭтәуп ҳәа. Убри иҿнахит. Амҩан, аӡиас Ангара ианыруаз, изықәҭәаз аӷба иацырҳәаз афлыкақәа руак ӡааҟәрыло иалагеит. Сабду иҩызцәеи иареи ацхыраара рырҭоит ҳәа ишԥшуаз, аӷба аҟнытә акануеиаа иааргәыдҵаны иршьуа иалагеит аамҭа ҳцәыргоит ҳәа", - ахҭыс далацәажәоит Манча Габлиа.
Абна алхра иргаз абаандаҩцәа рыфатә рыжәтә ишахәҭаз иахьырмоуаз, арахь есҽны џьабаамзар акы ахьырымбоз иахҟьаны рымч кәадахо иалагеит. Ахацәа рцәеижь цкәкәо, махәҿыла ишахәҭоу еиԥш аус рзымуашәа анырбалак иршьуан. Аха иҟан ԥҟарак, абаандаҩы дычмазаҩхар, ахәшәтәырҭахь дыргон. Падон имчқәа цошәа аниба, уажәшьҭа саргьы сыршьуеит игәахәын, иӡбеит аихала ишьапы ԥиҵәарц, ахәшәтәырҭа дышьҭарҵар иԥсы шԥеиқәымхари ҳәа иԥхьаӡаны. Ус иагьыҟаиҵеит. Амала зныктәи аихаҟьарала ишьапы изԥымҵәеит, аҩынтәраан ауп ианилшаз. Ахәшәтәырҭаҿы аҳақьым илдырит иҟалаз, аха илмыргамеит. Падон дыхәшәтәны шьҭахьҟа дылшьҭит. Уи ашьҭахь иара иԥсы ҭанаҵы ишьапы иҵаишьуан.
Падон аџьамыӷәацәгьа ахьихигоз аҟнытә аҩныҟа асалам шәҟәқәа раашьҭра азин имамызт. Жәашықәса рышьҭахь ауп, Бзыԥҭаҟа ашәҟәы анаа Падон "наӡаӡа анхара" ҳәа Красноиарсктәи атәылаҿацә, Мотыгинтәи араион, ақыҭа Рыбное ахь дшыршьҭыз атәы зҳәоз. Уи иаанагоз Аԥсныҟа уаҳа даарышьҭӡом акәын. Аригьы ахара ахгара иаҩызан. Падон адгьыл ахьизалхыз амҿтәы ҩны иргылеит. Убарҭ ашықәсқәа рзы Падон ицәыхарамкәа ахара рхыргон ԥшьҩык аԥсуа ҳәсақәагьы. Ҩыџьа амлакра иахҟьаны иԥсит, аӡәы дҭаацәарахан Урыстәыла дынхеит, аӡәызаҵәык азин анлоу аҩныҟа дгьежьит. Ахҭысқәа акыр шықәса рхылахьеит аҟнытә дара рыжәлақәа сажәабжьҳәаҩ Манча игәалашәом.

"Санду лыԥшәма иԥсы шҭаз анылдыр, насгьы уаҳа Аԥсныҟа ааразы азин шимамыз анеилылкаа, усҟан лыхәҷқәагьы жыцәхахьан, ана-ара ашәҟәқәа алаҵо мацара ҩышықәса рышьҭахь азин лоуит иара иахь ацаразы. Аха ари аус алҵит мчыла мацара. Аурысшәа ахьырзымдыруаз ауадаҩрақәа ҟалеит. Ирулак зны Москва ицеит, устәи Падон иахь. Уаҟа дара фышықәса инхеит. Саб иашьа аҭаацәарагьы далалеит. Саб иакәзар аамҭаказ далахәын аӡиас Ангареи акәша-мыкәшеи аҭҵааразы имҩаԥысуаз агеолого-ԥшыхәратә експедициа. Еиҭеиҳәоны исгәалашәоит, аӡиас ианхыз, аҟәараҟны илаԥш иҵашәоз амҿлых ҩнхәыҷқәа "арҭ закузеи" ҳәа иҩызцәа данразҵаалак, "ари аган покукуй", "егьи аган потоскуй" рыхьӡуп ҳәа шиарҳәоз. Уи иаанагои ҳәа данҵаа ҭакс ирҭеит "аџьамыӷәацәгьа иҭадыргылоз абаандаҩцәа ааганы ианыҩнарҵоз, "покукуйте" - "потоскуйте" ҳәа раҳәаны иахьдыргәаҟуаз ҭыԥқәан ҳәа", - аҭоурых иациҵоит Манча Габлиа.

Сталин иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь хышықәса ааҵуаны амнистиа иақәшәаз Падон, азин иоуит Аԥсныҟа ааразы. Усҟан ишынҭаацәаз рыԥсадгьыл ахь игьежьит. Акрыура иашьцылахьаз Падон, иԥацәа ааиваргыланы инхара инҵыра еиҿкааны, уажәшьҭа ибзазара деигәырӷьо, иуаажәлар рыбзиабареи, рҳаҭырқәҵареи шиныруаз иԥсҭазаара мҩасуан.
Падон иашьа Хәаҭхәаҭ иакәзаргьы, уигьы аҭоурыхтә хҭысқәа акыр дкыдырҟьеит. Хәышықәса Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ихганы ихәыҷқәа рахь дааит.
Абас угәы ҭызшьаауа ахҭысқәа шаҳаҭс дрыман Падон Жагәа-иԥа Габлиа.
© Foto / из личного архива семьи Падона ГаблиаПадон Габлиа
Падон Габлиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2023
Падон Габлиа
P.S
Падон Габлиа Красноиарсктәи атәылаҿацә ахь нхара даныршьҭ ласбак иднагалеит. Џьимик ҳәагьы хьӡыс иаиҭеит. Уи ҩызара изнауан, дгьыл наӡарак изаҵәра иханаршҭуан иҭаацәа изнеиаанӡа. Уажәшьҭа аҩныҟа ахынҳәра аамҭа анааи, Падон иҩыза гәакьа Џьимик ааныжьра изымгәаӷькәа Бзыԥҭаҟа иааигеит. Акыр шықәсагьы аԥсы ҭан. Ахы нықәҵаны ианԥсы ашҭа авара ижит, ахаҳәгьы шьақәиргылеит. Падон азаҵәрантә деиқәзырхоз Џьимик аҳаҭгәын иахьагьы иҟоуп. Шәзыԥхьо аматериал игәылагалоу афотосахьақәа руак аҿы ижәбоит Падони Џьимики ахьеидтәалоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0