Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Риҵатәи амилаҭ парк аҭааҩцәа рзын иаадыртуеит жәабран 26 рзы

© Foto / Дирекция Рицинского национального реликтового паркаЗаснеженная Рица
Заснеженная Рица  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2023
Анапаҵаҩра
Аԥхарра шыҟалазгьы, амҩақәа шрыцқьоугьы амилаҭ реликттә парк иахьаҵанакуа аӡынтәи агьежьхарԥа зҵам амашьынақәа харыжьлом.
АҞӘА, жәабран 25 – Sputnik. Риҵатәи амилаҭ парк аҭааҩцәа рзын иаадыртуеит жәабран 26 рзы ҳәа аанацҳауеит апарк апресс-маҵзура асоциалтә ҳақәа рыҟны.
"Амилаҭ парк аҭаара зҭаху зегь шәахь аҳәара ҟаҳҵоит агәҽанызаара шәымазарц, аԥсабара ахымҩаԥгашьа адырра цәгьоуп", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Апарк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа иажәақәа рыла, аӡиахь амҩақәа зегь рыцқьоуп. Асы ҩ-метрак рҟынӡа ишьҭоуп.
Аԥсны ААР апресс-маҵзураҿы Sputnik еилнакааит, аԥкрақәа макьана ишыҟоу, амилаҭ паркахь аӡынтәи агьежьхарԥа зҵам амашьынақәа шхармыжьло.
Риҵатәи амилаҭ парк адыркит жәабран 19 рзы асыԥсалеира иацәшәаны. Уи аахыс амилаҭ парк аҿы ҩыџьара асыԥсақәа леит, руак Аӡиаҵәа ааигәара илеины аӡышьҭра акит, егьи Риҵаҟа уназго амҩа 26-тәи акилометр аҿы.
Замерзшая Рица - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2023
Аԥсны
Аӡиа Риҵа аҵаара иалагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0