Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны абгақәеи абгалаџқәеи рышьра еиҿкаахоит

CC0 / / Шакал
Шакал - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2023
Анапаҵаҩра
Ауааԥсыра абгақәеи абгалаџқәеи рышьра иадырԥхьаларц азы иӡбоуп аԥаратә шәарақәа рыцҵара.
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аминистрцәа реилазаара иаднакылеит "2023 шықәсазы ишәарҭоу абнатә ԥстәқәа рхыԥхьаӡара аҭышәныртәаларазы ауснагӡатәқәа рзы" аусдҵа.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура анапы ианҵоуп ишәарҭоу абнатә ԥстәқәа рхыԥхьаӡара аҭышәныртәаларазы рнырҵәара, хәажәкыра 1 инаркны рашәара 1 аҟынӡа ашәарыцацәа адԥхьаланы.

Бгак азы гәазыҟаҵарак аҳасабала ишьақәыргылоуп 5 556 мааҭ, абгалаџ азы– 2 779 мааҭ. Уаанӡа абгазы иршәон 3 000 мааҭ, абгалаџ азы – 800 мааҭ.

"Ҳгәыӷуеит ари ауснагӡатә ҳқыҭауаа рзы ицхыраагӡахап ҳәа" - иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
Афинансқәа рминистрра Аминистрцәа реилазаара афонд аҟынтә 600 000 мааҭ аветеренартә маҵзура аҭахрақәа ирзоунажьит. Урҭ рҟынтәи 500 000 мааҭ абгақәеи абгалаџқәеи рышьразы, 100 000 мааҭ – иршьуа рыжразы.
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2023
Аԥсны
Аԥсны аминистрцәа реилазаара тауарқәак рзы аҳазатә хәԥҵәа ҿыцқәа аднакылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0