https://sputnik-abkhazia.info/20230301/1044390493.html
Аԥсны аеҵәахә ҿыцқәа: амузыкатә концерт "Apsny-Star"
Аԥсны аеҵәахә ҿыцқәа: амузыкатә концерт "Apsny-Star"
Sputnik Аҧсны
Апроект шықәсык аус аулоит, х-сезонк рыла еихшахоит. Аконцертқәа мызк ахь знык имҩаԥыслоит. Ахԥатәи асезон асуперфинал акәхоит, уа еиндаҭлоит актәи асезонқәа... 01.03.2023, Sputnik Аҧсны
2023-03-01T16:30+0300
2023-03-01T16:30+0300
2023-03-02T10:35+0300
афотосахьақәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/01/1044392135_0:218:2866:1830_1920x0_80_0_0_7e2562034aef612f1a250d1fc843a68e.jpg
Амузыкатә проект "Apsny-Star” раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ аҩаша, жәабран 28 рзы. Асценаҿы иқәгылеит 25-ҩык алахәцәа. Дара инарыгӡаз ашәақәа рхала иалхны рҽазыҟарҵеит. Арҵаҩцәа Ильда Кәычбериаԥҳа, Саида Агрԥҳа, Фаиа Мархолиаԥҳа ркомандақәа рахь иалырхит хәҩык-хәҩык алахәцәа. Ҩыџьа ма хҩык еицалырхыз алахәцәа рыуа ирҭахыз рахь инеиуан.Саида Агрԥҳа лгәыԥ иалахәуп - Аслан Шьакаиа, Амина Џьарсалиаԥҳа, Миранда Мархолиаԥҳа, Самвел Миракиан.Ильда Кәычбериаԥҳа лгәыԥ алахәылацәа - Елана Кәарҷиаԥҳа, Лола Ҟалӷьԥҳа, Асҭамыр Вартанов, Адгәыр Лазариа, Иракли Џьумуҭиа.Фаиа Мархолиаԥҳа - Алан Беслан-иԥа, Викториа Лабиаԥҳа, Нар Нанба, Софиа Миаукина.Анри Лакашьиеи Шихан Сиргинавеи арҵаҩцәа аӡәгьы иалимхӡеит, аха аицлабра аҳәаақәа ирҭагӡаны машәырлатәи аҵәҭаԥсарала Фаиа Мархолиаԥҳаи Саида Агрԥҳаи ргәыԥқәа ирхыԥхьаӡалоуп.Апроект "Аpsny-Star" еиҿкаауп Аԥсны Акультура аминистрра адгыларала, аспонсор хада– амобилтә еимадара "Аҟәафон". Sputnik Аԥсны – аинформациатә партниор.Ашоу аҳамҭа хада - Гнесинаа рыхьӡ зху Амузыка академиаҟны хәыда-ԥсада аҵараҵара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/01/1044392135_69:0:2798:2047_1920x0_80_0_0_83b8ef71b5ffbb9c607ecc99db8a845d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа, аԥсны, акультура
фото, афотосахьақәа, аԥсны, акультура
Аԥсны аеҵәахә ҿыцқәа: амузыкатә концерт "Apsny-Star"
16:30 01.03.2023 (ирҿыцуп: 10:35 02.03.2023) Апроект шықәсык аус аулоит, х-сезонк рыла еихшахоит. Аконцертқәа мызк ахь знык имҩаԥыслоит. Ахԥатәи асезон асуперфинал акәхоит, уа еиндаҭлоит актәи асезонқәа ҩба рҿы афинал ахь инеиз алахәцәа.
Амузыкатә проект "Apsny-Star” раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ аҩаша, жәабран 28 рзы. Асценаҿы иқәгылеит 25-ҩык алахәцәа. Дара инарыгӡаз ашәақәа рхала иалхны рҽазыҟарҵеит.
Арҵаҩцәа Ильда Кәычбериаԥҳа, Саида Агрԥҳа, Фаиа Мархолиаԥҳа ркомандақәа рахь иалырхит хәҩык-хәҩык алахәцәа. Ҩыџьа ма хҩык еицалырхыз алахәцәа рыуа ирҭахыз рахь инеиуан.
Саида Агрԥҳа лгәыԥ иалахәуп - Аслан Шьакаиа, Амина Џьарсалиаԥҳа, Миранда Мархолиаԥҳа, Самвел Миракиан.
Ильда Кәычбериаԥҳа лгәыԥ алахәылацәа - Елана Кәарҷиаԥҳа, Лола Ҟалӷьԥҳа, Асҭамыр Вартанов, Адгәыр Лазариа, Иракли Џьумуҭиа.
Фаиа Мархолиаԥҳа - Алан Беслан-иԥа, Викториа Лабиаԥҳа, Нар Нанба, Софиа Миаукина.
Анри Лакашьиеи Шихан Сиргинавеи арҵаҩцәа аӡәгьы иалимхӡеит, аха аицлабра аҳәаақәа ирҭагӡаны машәырлатәи аҵәҭаԥсарала Фаиа Мархолиаԥҳаи Саида Агрԥҳаи ргәыԥқәа ирхыԥхьаӡалоуп.
Апроект "Аpsny-Star" еиҿкаауп Аԥсны Акультура аминистрра адгыларала, аспонсор хада– амобилтә еимадара "Аҟәафон". Sputnik Аԥсны – аинформациатә партниор.
Ашоу аҳамҭа хада - Гнесинаа рыхьӡ зху Амузыка академиаҟны хәыда-ԥсада аҵараҵара.

"Apsny-Star" аартраан иқәгылеит агәыԥ "Анатрио".

Аицлабра алахәцәа ирыхәаԥшырц иааит рҩызцәа, рҭынхацәа, иара убас амузыка бзиа избо аӡәырҩы.

Иззыԥшымыз хҭысхеит арҵаҩцәа Ильда Кәычбериаԥҳаи, Саида Агрԥҳаи, Фаиа Мархолиаԥҳаи рықәгылара.

Алахәцәа рахьтә раԥхьа асценахь дцәырҵит Анри Шьакаиа, уи инаигӡеит Робби Уилиамс иашәа "I love my life". Иара алахәцәа зегьы дреиҳабуп, 32 шықәса ихыҵуеит.

Ахәаԥшцәа ақәгыларақәа ҭыхны асоциалтә ҳақәа рахь иҭарҵон.

Аконкурсантцәа раԥхьатәи аконцерт аан инарыгӡаз ашәақәа рхала иалхны рҽазыҟарҵеит.

Дара хықәкы хадас ирыман арҵаҩцәа рхы ргәарԥханы ркомандақәа ирыларҵартә аҟаҵара.

Иқәгылоз зегьы рыбжьы анаҩс, ҭеиҭԥшлагьы ахәаԥшцәа хырхуан.

Ахәаԥшцәа ракәзар, рҭыԥ иазкуамызт, игыланы ашәақәа ирыцкәашозгьы ыҟан.

Арҵаҩцәа иргәаԥхоз анагӡаҩцәа алыркаауан, ргәы дырӷәӷәон, рномер ҷыдала ахәшьара арҭон.

Ашәаҳәаҩцәа реиҳараҩык аҳәаанырцәтә шәаҳәаҩцәа рашәақәа нарыгӡон.

Урҭ рыбжьара иҟан еицырдыруаз реиԥш ааигәа ицәырҵыз акомпозициақәагьы.

Ашәаҳәаҩцәа рҟазара ахәшьара арҭалоит ажиури - акомпозитор Анри Гәымба, Аԥсны жәлар рартист Нинель Бжьаниа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә капелла асолист Алхас Ферзба. Аицлабра аиҿкааҩцәа рыӡбамҭала есконцерт ажиури аԥшьбатәи алахәылаҩ дрыԥсахлоит.

Аконкурсантка Софиа Миаукина иналыгӡеит ашәа "Останусь", лара далылхит арҵаҩы Фаиа Мархолиаԥҳа.

Фаиа Мархолиаԥҳа лаҳәшьа Миранда лакәзар, аиааира дазықәԥалоит арҵаҩы Саида Агрԥҳа лкомандаҿы.

Галынтә иааз ашәаҳәаҩ Иракли Џьумутиа ида аԥсышәала ашәа аӡәгьы инаимыгӡеит. Иара Ильда Кәычбериаԥҳа лгәыԥ ахь дцеит.