Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Афырхацәа рымҩала: Ҵнариа Мрагыларатәи афронт азы кырӡа зҵазкуаз Лабра ахақәиҭтәра иазкны

Афырхацәа рымҩала: Ҵнариа Мрагыларатәи афронт азы кырӡа зҵазкуаз Лабра ахақәиҭтәра иазкны
Анапаҵаҩра
30 шықәса ҵуеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан Мрагыларатәи ахәҭаҿы ақырҭуа еибашьцәа рнапахьы иаагаз Лабра ахақәиҭтәраз аԥсуа еибашьцәа имҩаԥыргаз ажәылара ахыижьҭеи. Иабанӡазыҟаҵаз ҳаибашьцәа ахырӷәӷәарҭа аанкылара, иабанӡеиқәшәаз бџьарла, иарбан цәыӡқәоу ирзаанагаз, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, Леон иорден занашьоу Гиви Ҵнариа.
Мрагыларатәи афронт аибашьра џьбара ахьцоз, реиҳа ихьанҭаз ҭыԥуп ҳәа ихациркит аиҿцәажәара Ҵнариа.
"Ақырҭуа Мрагыларахь ала джәылеит. Иааныркылаз аҳаракыратә ҭыԥқәа, Лабра, Ануаа рхәы аибашьраҿы даара иманшәалан. Ҳара ҳхырӷәӷәарҭақәа цәаҳәала иҭагәҭасны ицон. Убри азы Лабреи Ануаа рхәи, Кәтолаа рцәаҳәа иаҟаратәны иҟаҵарцаз, иҭарцәтәын. Бџьарла еиқәшәамыз ауаа ақырҭуа ижәлар акәхеит иқәцара хықәкыс иҟаҵаны. Лабратәи ахырӷәӷәарҭа аҭарцәразы иҟаҵан ахықәкы. Аплан еиқәдыршәеит Мрагыларатәи афронт аиҳабы Баҭал Џьапуа, аҩбатәи абаталион актәи аполк аиҳабы Ҭемыр Чагәаа, аштаб аиҳабы Амиран Ҵнариа. Урҭ ишьақәдыргылаз аплан ала актәи Лабратәи аоперациа март аказы иаладырхәит агәыԥқәа зегьы", - ҳәа игәалаиршәеит Ҵнариа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0