Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ААР ахада ЕАА рполитика иахықәку далацәажәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Инал Ардзинба
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2023
Анапаҵаҩра
ЕАА адәныҟатәи аполитика хархәаганы ирымоу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи аглобалтә напхгара аинститутқәеи роуп иҳәеит Инал Арӡынба.
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Америкатәи аполитика хықәкыс иамоуп Асовет Еидгыла ашьҭахьтәи аҵакыраҿы, Аԥсынгьы абрахь иналаҵаны, амчра анапахьы аагара, аҳәынҭқарра адәныҟаполитикатә ус аиҭакра. Абри атәы ателедырраҭара "Большая игра" аҿы иҳәеит Аԥсны ААР аминистр Инал Арӡынба.

Арӡынба иажәақәа рыла, ЕАА рполитика иашам, асеиԥш иҟоу иҩбоу астандартқәа Аԥсынгьы ианыԥшуеит.

"Асовет аамҭақәа раан, 1922 - 1931 шықәсқәа рыҩнуҵҟа ҳара Асовет Еидгыла асубиект астатус ҳаман. Иара убри аан Ҟазахсҭан асовет Урыстәыла иаланы автономтә республика астатус акәын иамаз. Иахьа аӡәгьы Ҟазахсҭан асуверенитет акыр ахиҳәаауама? Мап. Ус анакәха, Аԥсны аганахьала изыҟамзеи аиашара?" - ҳәа дҵаауеит Арӡынба.
Аминистр иҳәеит Еиду аштатқәа зыҟны аԥыжәаратә роль ннакыло ЕАР акәзаргьы, абри аҩыза аполитика иадгылаҩцәоуп - аиҿкаара косовараа ирыдгылоит урҭ рҳәынҭқарра аҭоурых азҵаара рацәа шцәырнагогьы, убри аан аԥсуа жәлар, зхатә ҳәынҭқарра VIII ашәышықәса инаркны измаз рымбошәа ҟарҵоит ҳәа.
Аԥсны аҳәынҭқарра дуқәа ргеополитикатә еиҿагылара ибжьагылан, аха асуверенитет аиқәырхара алнаршеит иҳәеит аминистр.
Инал Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2023
Аԥсны
Арӡынба: ҳус хада - ҳхьыԥшымра арӷәӷәароуп
Ажәабжьқәа зегьы
0