АШәМ: азинмчратә усбарҭақәа украинатәи амилаҭеилыхҩцәа рнырҵәаразы аоперациа мҩаԥыргоит

© Sputnik / ФСБ РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФСБ РФ пресекла деятельность подпольных оружейных мастерских
ФСБ РФ пресекла деятельность подпольных оружейных мастерских - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2023
Анапаҵаҩра
Адиверсантцәа Бриансктәи аобласт Климовтәи араион иалалеит хәажәкыра 2 рзы.
АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik. Урыстәыла азинмчратә усбарҭақәа Бриансктәи аобласт аҿы украинатәи амилаҭеилыхҩцәа рнырҵәаразы аоперациа мҩаԥыргоит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ.

" Хәажәкыра 2 рзы бџьарла еибыҭоу украинатәи амилаҭеилыхҩцәа аҳәынҭқарратә ҳәаа еилаганы Бриансктәи аобласт Климовтәи араион иалалаз, рнырҵәаразы аоперациа мҩаԥыргоит Урыстәыла АШәМ, Атәылахьчара аминистрра рмаҵзурауаа", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Бриансктәи аобласт агубернатор Александр Богомаз ишиҳәо ала хаҵак дҭахеит, ахәҷы ахәра иоуит адиверсантцәа Климовтәи араион аҿы автомашьына ианеихс.
"Бриансктәи аобласт Климовтәи араион ақыҭа Лиубечане иалалеит. Адиверсантцәа ииасуаз автомашьына еихсит. Убри аан хаҵак дҭахеит, жәашықәса зхыҵуаз ахәҷы ахәра иоуит", - ҳәа иҩуеит арегион агубернатор телеграм-канал аҿы.
Ахәҷы ахәшәтәырҭахь днагоуп, иахәҭоу ацхыраара иҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0