Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Уахи-ҽни агәаҭарақәа: Аԥсны акриптофермақәа шаԥдырҟәҟәаауа

© Sputnik / Евгений КозыревСтойка с асиками на одной из майнинговых ферм в Иркутской области
Стойка с асиками на одной из майнинговых ферм в Иркутской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2023
Анапаҵаҩра
2023 шықәса жәабран 6 рзы ареспубликаҿ иаԥҵан амаинингқәа раԥырҟәҟәараазы аштаб. Уи напхгара аиҭоит аԥыза-министр Александр Анқәаб.
Ареспубликаҿ амаинингқәа шаԥдырҟәҟәаауа атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭстандарт атехникатәи аенергетикатәи хылаԥшраз Аусбарҭа аиҳабы Ерик Кәакәасқьыр.

Sputnik

2023 шықәса жәабран 6 рзы ареспубликаҿ иаԥҵан амаининг хархәагақәа раԥырҟәҟәааразы аштаб. Абри аамҭазы Аԥсны Аҳәынҭстандарт, ААР, АШәМ русзуҩцәа зқьы инареиҳаны амаининг хархәага ылыргахьеит.
Аҳәынҭстандарт атехникатәи аенергетикатәи хылаԥшраз Аусбарҭа аиҳабы Ерик Кәакәасқьыр илгоу амаининг-хархәагақәа рхыԥхьаӡара азгәеиеҭит.
Аҟәа – 332 хархәага,
Аҟәа араион – 104 хархәага,
Гәылрыԥшь араион – 183 хархәага,
Очамчыра араион – 278 хархәага,
Гагра араион – 129 хархәага,
Гәдоуҭа араион – 121 хархәага.
Кәакәасқьыр иажәақәа рыла, иааларҟьан агәаҭаратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит есҽны. Аҳәынҭстандарт аусзуҩцәа ироуз аинформациа Аԥсны ААРи Аԥсны АШәМи русзуҩцәа алархәны игәарҭароуп.
"Аусура уадаҩуп, уахгьы-ҽынгьы иааиԥмырҟьаӡакәан агәаҭарақәа мҩаԥаагоит. Ҳхылаԥшҩцәа зегьы аусура иалахәуп. Аусура ду ҳацымҩаԥыргоит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Ашәарҭадаратә маҵзуреи русзуҩцәа. Урҭ ироуеит афермақәа ыҟазар ахьалшо азы аоперативтә информациа. Нас ҳара аинформациа гәаҳҭоит, анаҩс иахәҭоу адокументқәа азҳархиоит ахыбра ахь ҳнеира азакәаншьаҭа амазаарц азы ", – иҳәоит Кәакәасқьыр.
Уаанӡа акриптоферма дуқәа рымазаҭгьы, уажәы ауаа ахьынхо аҩнқәа ма ауадақәа рҿы ҩба-хәба рҟынӡа ахархәагақәа ықәдыргылоит. Алашара ахархәара андуум аԥшаарагь уадаҩуп.
Ус шакәугьы иуԥылалоит аферма дуқәагьы. Убас ааигәа Аҟәа иҳаԥшааит 171 хархәага иҳәеит иара.
Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2023
Аԥсны
Хымчыбжьа рыҩнуҵҟа Аԥсны зқьы инареиҳаны амаининг хархәагақәа рылгоуп
Акриптофермақәа реиҳарак ауаа реиланхарҭаҿ ирԥшаауеит, аха иҟалалоит узқәымгәыӷуа аргыларақәа рҿы ианубо. Убас ааигәа аферма аарԥшын абункер аҿы.
"Ааигәа Гумысҭа амассив аҿы аферма ахьыҟаз адгьыл аҵатәи абункер аҳаркита. АШәМ аусзуҩцәа рымчала иҳаԥшааит. Аинформациа ҳамамызҭгьы баша-маша улаԥш иҵашәо иҟамызт. Ҷыдала амаининг амаҵ ауа иҟаҵан. Асовет аамҭақәа раан адгьыл аҵатә коммуникациақәа мҩанган", - ҳәа еиҭеиҳәоит Кәакәасқьыр.
Иқәыргоит акриптофермақәа реиԥш закәаншьаҭада иқәыргылоу афымцаеихшарҭақәагьы. Абри азы адҵа ҟанаҵеит ареспубликатә штаб.

Амаининг хархәагақәа рлахьынҵа

Ауааԥсыра ирылырго ахархәагақәа Аҳәынҭстандарти АШәМи рыҵәахырҭа ҷыдақәа рҿы ишьҭарҵоит. Изтәыз иганахь ала ашәҟәқәа еиҿыркаауеит, аӡбарҭахь инарышьҭуеит. Ахараԥса аныршәалак амыругақәа ргар ҟалоит, аха шықәсык аҩнуҵҟа ари ауаҩ ҩынтә ари аус даҵанакыр, имырхуеит хнырҳәрада.
"Ахархәагақәа ылаагоит. Иазгәаҭоу административтә нырра – ахараԥса. Киловатт сааҭк аныхраз иазгәаҭоуп 2400 мааҭ. Аферма 100 киловаттк ахы ианархәозар, 240 000 мааҭ итәоит. 50 бонент рганахь ала ашәҟәқәа реиҿкаара ҳаҿуп, 27 бонент рышәҟәқәа араионтә усӡбарҭақәа рахь инашьҭуп", – иҳәоит Ерик Кәакәасқьр.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Дочиа иҳәеит Тҟәарчал араион амаининг-фермақәа рықәгара шалыршахаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2023
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Дочиа иҳәеит Тҟәарчал араион амаининг-фермақәа рықәгара шалыршахаз
Акыршықәса ирықәуп Аԥсны аенергокризис ыҟоижьҭеи. Уи зыхҟьо агенерациа азымхара, иажәыз аинфраструктура, амаининг.
2023 шықәса жәабран 6 рзы ареспубликаҿ иаԥҵан амаинингқәа раԥырҟәҟәааразы аштаб. Уи напхгара аиҭоит аԥыза-министр Александр Анқәаб.
Ажәабжьқәа зегьы
0